https://sputnik-abkhazia.info/20211216/aministrtsa-reilazaara-aun-asnyti-aviatsaaa-aara-iashaakheit-1036744258.html
Аминистрцәа реилазаара АУН "Аԥснытәи авиацәаҳәақәа" аԥҵара иақәшаҳаҭхеит
Аминистрцәа реилазаара АУН "Аԥснытәи авиацәаҳәақәа" аԥҵара иақәшаҳаҭхеит
Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥнагеит аԥшьаша ԥхынҷкәын 16 азы. 16.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-16T16:46+0300
2021-12-16T16:46+0300
2021-12-16T16:46+0300
аԥсны
аекономика
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/12/1033230799_0:135:2601:1598_1920x0_80_0_0_1e7afe67b2b5e0b1e05e35b2b18f242e.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара АУН "Аԥснытәи авиацәаҳәақәа" аԥҵаразы аекономика аминистрра аҭара иақәшаҳаҭхеит имҩаԥысуаз аилатәараҿы."Уажәы ишыжәдыруа еиԥш Урыстәыла атранспорт аминистрреи Росавиациеи ҳареи аусеицура мҩаԥаагоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара авиаеимадара ашьақәыргыларазы. Апроект мариам аха аусурақәа мҩаԥысуеит. Иазыԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡаразы амилаҭтә авиаеилахәыра ыҟазароуп аиҿцәажәарақәа рлахәылак аҳасаб ала", - ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит ари аусурақәа рхырхарҭаз ишҿырԥштәу."Аҭагылазаашьа аиҵаҟьара ацынхәрас авиоеилахәыра еиҭахацырктәуп. Ари усура мариам, аха аҵакы дууп, аԥеиԥш амоуп", - ҳәа иҳәеит иара.Аекономика аминистр иара убасгьы илҳәеит Урыстәыла атранспорт аминистрра ацхыраарала аҟазауаагьы шазырхиахо.Ԥхынҷкәын 15 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Жәлар реизара адепутатцәа рԥылараан иҳәеит, ашықәс нҵәаанӡа аиқәшаҳаҭра анапы шаҵанаҩуа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аргыларазы апроекттә институт.Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы аҳаирбаӷәазеи асасааирҭеи аԥхасҭа ду роуит, аҵакыраҿы арҭҟәацгақәа ыҵарҵеит. Аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса рзы иадыркит.Уаанӡа ахада иҳәахьан аинвестор дшыԥшаау, аиҭашьақәыргыларазы 120 миллион мааҭ шазоужьхо. Бжьаниа иажәақәа рыла, аԥхьатәи ареисқәа азыԥхьагәаҭоуп 2024 шықәсазы.
https://sputnik-abkhazia.info/20211215/bzhania-aairt-baaza-argylaraz-aproektt-dokumentatsia-arytskha-rty-ieit-1036728507.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211215/urystylati-asapiortsa-aati-aairt-baaza-aratsgaa-rytskhra-khdyrksheit-1036731886.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/12/1033230799_144:0:2455:1733_1920x0_80_0_0_67fa2a0279217bea8c79124e8db0d16e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аекономика, ажәабжьқәа
Аминистрцәа реилазаара АУН "Аԥснытәи авиацәаҳәақәа" аԥҵара иақәшаҳаҭхеит
Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥнагеит аԥшьаша ԥхынҷкәын 16 азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара АУН "Аԥснытәи авиацәаҳәақәа" аԥҵаразы аекономика аминистрра аҭара иақәшаҳаҭхеит имҩаԥысуаз аилатәараҿы.
"Уажәы ишыжәдыруа еиԥш Урыстәыла атранспорт аминистрреи Росавиациеи ҳареи аусеицура мҩаԥаагоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара авиаеимадара ашьақәыргыларазы. Апроект мариам аха аусурақәа мҩаԥысуеит. Иазыԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡаразы амилаҭтә авиаеилахәыра ыҟазароуп аиҿцәажәарақәа рлахәылак аҳасаб ала", - ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит ари аусурақәа рхырхарҭаз ишҿырԥштәу.
"Аҭагылазаашьа аиҵаҟьара ацынхәрас авиоеилахәыра еиҭахацырктәуп. Ари усура мариам, аха аҵакы дууп, аԥеиԥш амоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Аекономика аминистр иара убасгьы илҳәеит Урыстәыла атранспорт аминистрра ацхыраарала аҟазауаагьы шазырхиахо.
"Еицырдыруаз аԥсуа ԥрыҩцәа реиҳараҩык атәанчара ицахьеит. Аҿар ыҟоуп аха урҭ ар рыԥырҩцәа роуп", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Ԥхынҷкәын 15 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Жәлар реизара адепутатцәа рԥылараан иҳәеит, ашықәс нҵәаанӡа аиқәшаҳаҭра анапы шаҵанаҩуа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аргыларазы апроекттә институт.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы аҳаирбаӷәазеи асасааирҭеи аԥхасҭа ду роуит, аҵакыраҿы арҭҟәацгақәа ыҵарҵеит. Аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса рзы иадыркит.
Уаанӡа ахада иҳәахьан аинвестор дшыԥшаау, аиҭашьақәыргыларазы 120 миллион мааҭ шазоужьхо. Бжьаниа иажәақәа рыла, аԥхьатәи ареисқәа азыԥхьагәаҭоуп 2024 шықәсазы.