Аԥсны

Ақьаад шкәакәеи аԥсуа политикеи, мамзаргьы ажәлар рыбжьы аҳара шаҭаху

Аԥсуа политикаҿы аҭыԥ змоу амч ахархәарала аиҳабырахь анеира, уи аан иҟалало аибарххарақәа зхароу рахьамырхәра, насгьы ас ажәлар гәынқьыртә еиԥш зыҟалало иазку лгәаанагара ҳалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik
Абар 18 шықәса ирықәуп аԥсуа политикаҿы амчрахь анеирази аанхарази аибарххарақәа цоижьҭеи. Аибашьра анеилга дук мырҵыкәа Аԥсны иҿиеит оппозициа, аха ӷәӷәалатәи аибарххарақәа ианрылагаз 2004 шықәсазы ауп. Урҭ ахҭысқәа реиҭаҳәара аҭахны исыԥхьаӡом, аха иҟоуп иаҳцәыӡыз ашанс, азакәан аус ауратәы иҟаларазы.
2005 шықәсазы ажьырныҳәа 12 рзы атәыла ахада иалхрақәа анынҵәа, аҩбатәи Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь имҩаԥигаз раԥхьатәи ипресс-конференциаҿы исҭеит азҵаара. Абарҭ алхрақәа рыбжьара азакәан еилазгоз шәоппонентцәеи шәареи шәыдгылаҩцәа ахьырхәра роуама ҳәа. Сергеи Уасил-иԥа, аҭакс исиҭаз "хымԥада иахьырхәхоит" ауп. Аха, дук мырҵыкәа, аҩбатәи апрезидент иқәгыларақәа руак аҿы ицәыригеит "ақьаад шкәакәа" захьӡыз алексика. Уи иаанагоз, иҟалаз зегь ҳхашҭны, анаҩс аҿиара амҩа ҳанылоит ҳәа акәын. Ари џьаргьы иарбамыз амнистиан.
Аполитикатә амнистиа, мамзаргьы аскептикатә хәыцрақәа
Иахәама уи агәызианратә шьаҿа ҳтәылаҿы апроцессқәа рҭышәынтәаларазы?! Иахьанӡа аԥсуа политикатә еиҿагыларақәа ршыкьыбжь еиқәымтәацзар, иамыхәеит ауп иаанаго сара сзы. Схәыцрақәа шыҟоу ала, револиуциатә шьаҭада Аԥсны анапхгарахь амчра мнеикәа, азакәан ахархәара ҟаларангьы иҟам. Избан ҳәа шәсазҵаауазар, амчрагьы аоппозициагьы амитинигқәа раамҭазы рхымҩаԥгашьа еиԥшуп, даҽакала иаҳҳәозар, ҩашәхак реиԥш еиԥшушәа збоит.
Аԥсны
Амитингқәа рышьҭахь…
Иибозеи ахархьуаҩ дахьынаԥшуа? Зны–зынла амаҷ азы ауаа абахҭа иҭашәозар, аполитикцәа рхаҭарнакцәа аҳәынҭқарратә хыбрақәа ҟәыбаны, уа иҩноу амазара аныԥхасҭартәуа, иандырҳәуа – азакәан нарывсны ицоит. Аԥсны апрокуратура акәзар, рыла иамбошәа инавсуеит.
Ииашоуп, ииасыз ашықәс ԥхынҷкәынтәи аоппозициатә қәгыларақәа рышьҭахь "автобусқәа зырҟьашҟьашоз" рганахь аусқәа хацнаркит. Даҽа ганкахьала, ауаҩы иҳәаратәы дыҟоуп, избан, 2004, 2014, 2020 шықәсқәа рзы иҟаз ареволиуциақәа ротриадқәа рхаҭарнакцәа азакәан зрывсызеи, арҭ еиҳа изыхҭарки ҳәа. Ус акәзаргьы, наунагӡа абас цашьа шыҟам гәеимҭарц залшом анаԥшҩы.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи аилаҩеиласрақәа рылахәреи рзы ашьаус хацыркуп
Абар, аоппозициатә мчқәа рхаҭарнакцәа хәҩык раанкылара ашьҭахь, даҽа знык ицәырҵит азҵаара, ауаажәларратә еилацәажәара, азин ахамырхәара аҭыԥ амазарц азыҳәан. Сгәанала, ахьырхәра аҭахуп, аха иҟоуп уи иаҿагыло сгәаанагара. Иамоума иахьатәи амчра апрокуратура ахаҿрала амитинг аҿы адаҷ хҵәага зҩыҵракны инеиз, мамзаргьы, Апарламент ашҭа аҭаларазы автобусқәа зырҵысуаз рҭакра? Ҳәарада, мап, аха даҽа ганкахьала аанкылашьас иҟоузеи азин еилазго амитингуаа, азакәан иамкуазар. Ари анархиахь ҳнанагар ауеит ҳашнешнеиуа.
Аԥсны
Алабаҟәа мгьежьырц, ахьырхәра ҟалароуп: ажурналистцәа рус аԥырхагахаразы агәаанагара
Аҵыхәтәантәи аоппозициаа рмитинг сазыхынҳәуахзар, атеатр аԥхьа ақәгыларақәа рышьҭахь, Апарламент ашҟа ауаа рыманы рҿанынарха, уи аидысларахь ишнанаго рдырыр акәын. Акырынтә иҳәахьан аоппозицииа раԥхьагыла Адгәыр Арӡынба "ажәылара амҩала" ацара дшадымгыло. Иҳәеит аха, иҟалац ҟалеит.
Ажәыларақәа срыдгылом 2014 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ҽеим, ҳәа ахәыцрақәа ааирԥшуан иахьатәи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа оппозициа даныҟаз. Ус акәзаргьы, "аҿар рреволиуциа" ҳәа хьӡыс изауз ажәыларақәа рышьҭахь иара амчрахь анеиразы алшарақәа иоуит.
Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара
Даараӡа оптимизм дук сымам, иахьа ицо апроцессқәа аанкылахоит, анаҩс азакәан аус ауа иҟалоит ҳәа ахәыцразы. Аҳәыс акасыжәфара иашьцылаз шырҳәо еиԥш, амчра ахархәарала аиҳабыра рыԥсахра аанымкылахар, ҳахьгылац ҳгылазаауеит. Зегьы иреиӷьуп, иԥшаазар амеханизм - ажәлар рыбжьы анапхгара ираҳаразы.
Иҟоуп еиуеиԥшым аинститутқәа - Жәлар реизара, Ауаажәларратә палата уҳәа, аха макьаназы амчра ажәлар ршыкьыбжь аҳаӡом, амитинг ахь икылсны аидысларақәа ҟалаанӡа. Иахьа ихацырку аусқәа ракәзар, аӡбарҭа амҩала имҩасыр еиӷьуп, уаҟа дасу илшоит изинқәа рыхьчара, ахара идымзар, адукатцәа рыцхыраарала уи ашьақәырӷәӷәара. Дасу иара иҟаиҵо азы аҭакԥхықәра ныҟәигароуп.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.