Аполитикатә амнистиа, мамзаргьы аскептикатә хәыцрақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация Президента
Администрация Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" атәыла ахада иахь аполитикатә амнистиа рылеиҳәаразы ааԥхьара ҟанаҵеит, уи аҵыхәала аветерантә еиҿкаарақәаки ахада иусбарҭа аусзуҩцәақәаки еиԥылеит. Абри азҵааразы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аполитикатә амнистиа закәу еилыскаарц зегьы здыруа Google сазҵааит, аха ари аҩыза ажәеидҳәалазы акгьы снамҭеит. Аԥсышәала амнистиа - анажьра, мамзаргьы ахақәиҭтәра аанагоит. Ари аилкаара еиҳарак изызку аҳәынҭқарратә мчра ацәгьоура ҟазҵаз ианранарыжьуа, мамзаргьы ирықәу хәҭак анырхырхуа ауп.

Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2021
Арадио
Ашәба "аполитикатә амнистиазы": иаҳҳәои, ҳгәы иҭои еиқәшәозар, иалҵуеит

Амнистиа аӡәы мацара изкым, категориак иаҵанакуа ацәгьоуцәа рӷьырак ирызкуп. Иаҳҳәап, ҿырԥштәыс иааҳгар ауеит ҵыԥх аиааира амш аҳаҭыраз Жәлар Реизара иҳаланаҳәаз Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ирыдҳәалаз амнистиа. Амнистиа агәызианра иазкызаргьы, зегь акоуп иџьбароу ацәгьоурақәа ҟазҵаз ахьаҵанакыз азы, уи агәынамӡарақәа аанарԥшит ауаажәларра рыбжьара. Ус акәзаргьы, азакәанԥҵаратә мчы иахәшьадыз аӡәгьы измырбгеит.

Уажәы ҳазлацәажәо амнистиа аполитикатә ахьӡуп. Аиашазы, ари аҩыза аилкаара уажәраанӡа аӡәгьы ихы иаимырхәацызт. Иара цәырҵит аамҭак аԥхьа, иагьхацнаркит ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара". Ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 22 рзы дара Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахь ааԥхьара ҟарҵеит обиективла ахәшьара рыҭазарц 2004 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны иҟаз аполитикатә хҭысқәа, нас уи инадҳәаланы аполитикатә амнистиа ҟаиҵарц азы.

Аиаша шәасҳәап, ари аинформациа хаҭала аскептикатә хәыцроуп исызцәырнагаз, избанзар 2004 шықәсазтәи ахҭысқәа рнаҩсан, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь "ақьаад шкәакәа" ҳәа амнистиа ҟазшьа змаз аҳәамҭа ҟаиҵахьан. Усҟантәи ахҭысқәа рахь ҳгьежьуазар, акыр ирацәан азакәанеилагарақәа, убасҟан ашьаҭа кын Иреиҳау Аӡбарҭа ақәлара, иара убас, Аԥсны ахада иусҳәарҭа ажәлара. Еиҿагылаз аполитикатә гәыԥқәа зегьы еиларгон азакәан, абџьар кны хаз-хазы ашҭақәа ирҭагылан. Усҟантәи акризис ашьакаҭәарахьы, ауаажәларратә еибашьра амҩа ианын, аха ишакәхалакгьы, 2005 шықәсазы имҩаԥгаз алхрақәа рнаҩсан ҭынчрахеит аамҭак.

Круглый стол О новой модели избирательной системы в ЦСЭИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Ишыдыдуеиԥш ақәа леиуам, мамзаргьы "Аԥсны жәлар рконгресс" азы гәаанагарак

Иаҳзаанагазеи "ақьаад шкәакәа"? Сгәанала, акымзаракгьы абзиа аганахь, ареволиуциақәа рганахь уи иаҳзаанагеит даҽа ҩынтә акризис дуқәа, уи-уи рыбжьара амитингқәа. Абасала, уи анаҩс, 2014, 2020 шықәсқәа рзы имҩаԥысит Аԥсны ахадацәа ақәыӷәӷәара аҟазшьала русура аанрыжьыртә аҟаҵара. Иааизакны, Аԥсны ахада иусҳәарҭа хынтә иақәлахьеит, аха азинеилагаразы лахь зырҭаз аӡәгьы дыҟам.

2005 шықәса рзы Аԥсны ахадас иалхыз Сергеи Багаԥшь имҩаԥигаз раԥхьатәи ипресс-конференциаҿы исҭеит азҵаара "Ишәыдгылозгьы, ишәҿагылозгьы рахьынтә азакәан еилазгаз ахьырхәхома ҳәа. Апрезидент усҟан аҭак ҟаиҵеит "азакәан еилазгаз ахьырхәхароуп" ҳәа. Аха аполитик Сергеи Багаԥшь, аҭышәынтәалара еиҳа иаанагоит ҳәа акәхап, "ақьаад шкәакәа" ҳәа амнистиа рылеиҳәеит, уи ашьҭахь ицәырымҵӡеит иарбанзаалакгьы шьауӷатә уск.

Абас ҳааиуеит. Алхрақәа ирыдҳәалоу аамҭазы аԥсуаа еизаны ижәылоит, аҳәынҭқарра иахаҿроу аусбараҭақәа шьаҟьаны. Абарҭқәа срыԥшны исҳәозар, сацәшәоит даҽазныкгьы аполитикатә амнистиа аҳәынҭқарра ахада дахызҳәарц згәы иҭазкуа рзы зеиӷьыҟам ҭагылазаашьахар алшоит ҳәа. Атәылауаҩ лаҳасабала, исзеилкааӡом, азакәан еилазго рзы абас анажьра аныҟоу. Ҳара иаадыруеит, еиҳа имаҷу ацәгьара зуа абахҭа ианҭаркуа, уи аамҭазы, апрезидент иусурҭа аҭыԥ иҩнало, ашәқәа ԥызыҽҽуа, иҩнахысуа уҳәа ахьырхәымкәа, "ақьаад шкәакәа" нарықәдыршәуеит.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2021
Қьар злам ареволиуциа, ма "ажәлар рызгәаҟразы"

Хәажәкырамзазы "Аидгылара" иҟанаҵаз ааԥхьара адгылара арҭеит "Амцахара", "Абааш", "Аԥсны акзаара" рхаҭарнакцәа. Агәыҩбарақәа рызцәырҵит "Аруаа", "Аидгылараа". Уажәы ҿыц ицәырҵыз аинформациа ала, ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" аофис аҿы абри аполитикатә амнистиа аҳаҭыраз еиқәшәеит "Аруаа", "Абааш", "Амцахара", Аԥсны ахада иусбарҭа рхаҭарнакцәа уҳәа, амчреи аоппозициеи ирхаҭарнакцәоу аполитикцәа.

Макьаназы иҳамоу аинформациа ишаҳәо ала, "аиҿцәажәарақәа , аконсультациақәа рымҩаԥгара ахәҭоуп ари азҵаатәы хшыҩзышьҭра азҭо аганқәа зегь алархәны, анаҩс атәыла аҩнуҵҟа аполитикатә ҭышәынтәалара ашьақәыргыларазы амаакырақәа рыԥшааразы" ауп. Ари аидеиа аԥшьызгаз Кан Кәарҷиа ҭелла сиҿцәажәеит. Иара иажәақәа рыла, ихымԥадатәиуп ҳәа ишьоит имҩаԥысхьоу аполитикатә хҭысқәа Аԥсны ахада ахәшьара риҭарц.

Кәарҷиа игәаанагарала, "аҽԥныҳәа нымҵәеит, шәара иҟашәҵаз, ҳара иҟаҳҵаз" ҳәа. "Аидгылара" ахада игәаанагарала, иҟоуп азеиԥш зҵаарақәа, аоппозициатә мчқәеи амчра иадгылои еидтәаланы еицырыӡбаша, убри аҟынтә, иара игәаанагарала, иаҭахуп аиҿцәажәарақәа, аиԥыларақәа рымҩаԥгара. Хәажәкыра мза 2021 шықәсазы апрезидент иахь "Аидгылара" ахаҭарнакцәа ирышьҭыз ашәҟәаҿы иазгәаҭан "аринахыс изакәаным аполитикатә шьаҿақәа ҟамларц азы аицәажәарақәа шымҩаԥгатәу аполитикатә мчқәа зегь рыбжьара".

Под председательством вице-президента Бадры Гунба состоялось организационное совещание, посвященное созданию общественного совета при президенте Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Ауаажәларратә палата адублиаж, мамзаргьы акгьы злымҵуа аус

Уажәтәи аиԥылара ашьҭахь, уи иалахәыз "Аруаа" рхада Ҭемыр Гәлиа аҳәамҭа ҟаиҵеит "Аполитикатә амнистиа амҩаԥгара хра злоу усны дшамыхәаԥшуа" азы. Егьырҭ амчрақәа рхаҭарнакцәа макьана иҷыдоу даҽа хҳәаак ҟарымҵац.

Ҳара ҳазхысхьоу акризисқәа рышьҭахь, иахьа аполитикатә мчрақәа ридеиақәа рыдкылара акыр исзымариамзаргьы, зегь акоуп, иҟоуп исзааигәоу гәаанагарак – ҳҳәынҭқарра аиқәырхара иадҳәалоу азеиԥш зҵаатәқәа рҿы - аидгылароуп иаҳҭаху…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0