Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алабаҟәа мгьежьырц, ахьырхәра ҟалароуп: ажурналистцәа рус аԥырхагахаразы агәаанагара

© SputnikМитинг у здания парламента
Митинг у здания парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа аоппозициатә мчрақәа имҩаԥыргаз аҿагыларатә акциаан Аԥсуа телехәаԥшра ахаҭарнакцәа ааха роура иазкны лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Иацтәи амши аҵхи гәҭынчымран иацыз. Абас имҩасуеит еснагь ҳтәылаҿы аоппозициеи амчреи реиҿагылара аамҭа. Иҿыцу ак збеит сҳәар мцхоит, аха ус акәзаргьы, исҳәарц исҭаху - иацтәи аоппозициатә мчқәа имҩаԥыргаз гәынамӡара мацарала саанрыжьит. Ирлас-ырласны ирҳәоит "уаанӡагьы ус иҟамзи" ҳәа. Ииашоуп, аха иахьа амчра аус шауа згәамԥхо рықәгыларақәа иацтәи амш ахь ҳдыргьежьуазар – қьарс ирылоузеи?
Ауаа рацәа реизгара еснагь иацуп ашәарҭара, уи шьақәнарӷәӷәоит аԥсуа политикатә еиҿагыларақәа рыхҟьаԥҟьақәа ҳгәалаҳаршәозар - азинхьчаҩ, аҵарауаҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лҭахара, хынтә атәыла ахада ихыбра ашәқәа ԥыххаасаны рыҩналара, апрезидент икабинет еилаҟәыбаса акажьра уҳәа, даара хра злам ахҭысқәа мҩаԥысхьеит.
Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2021
Қьар злам ареволиуциа, ма "ажәлар рызгәаҟразы"
2004 шықәса раахыс иҟоу аиҿагыларақәа рҿы еснагь ашәарҭара иҭагылоуп зыпрофессионалтә уалԥшьа назыгӡо ажурналистцәа. Абри ауп амитинг ашьҭахьтәи схәыцрақәа рҿы тема хаданы иалыскаауа.
Раԥхьатәи Аԥсны ахада Владислав Арӡынба ихаан 2004 шықәса нанҳәамза 6 рзы Жәлар Реизара иаднакылеит хра злоу "Аинформациатә хархәагақәа рзы" азакәан. Анаҩс уи алагалақәагьы азырухьеит. Исҳәарц исҭаху, ари азакәан ишаҳәо ала, ҳтәылаҿы аус зуа аинформациатә хархәагақәа зегьы рзинқәа еиҟароуп. Хықәкыла иаҳгозар , 24-тәи ахәҭаҷ ишҳанаҳәо ала, "аӡәгьы азин имаӡам ажурналист ипрофессионалтә уалԥшьа анагӡара аԥырхагахара".
Ишыжәдыруа еиԥш, ҳтәылаҿы иҟоуп иҳәынҭқарратәу, ихьыԥшым, ахатәы хархәагақәа. Урҭ рхаҭарнакцәа еснагь аполитикатә гәыԥқәа реиҿагылара аамҭазы ирықәымчуеит. Ари азакәан иаҿагыло ҭагылазаашьоуп, аха иахьа уажәраанӡа ажурналистцәа рзинқәа рыхьчара аганахьала ибзиоу аҿырԥштәқәа акыр имаҷуп.
Ажурналист изанааҭ снапы алакуижьҭеи исгәалашәом заҟантә снапы рыҵасыҩхьоу урҭ рзинқәа рыхьчаразы аҳәамҭақәа, уи ҳтәыла аҩнуҵҟа аиԥш, анҭыҵ аус зуа ажурналистцәагьы ианрызкыз ыҟоуп, иара убас, акырынтә аӡбарҭаҿы апроцессқәа схы рыласырхәхьеит. Абри зхысҳәаауа, ажурналистцәа аамҭа-аамҭала ааха анроуа, адруҳәа зегь еидгыланы рколлегацәа ирыдгыло иҟамлац, избанзар еиҩшоуп партиатә хәыцрала.
Иацы аоппозициаа рмитинг аҿы дырҩегьых ажурналистцәа рықәымчра, хаҭала Аԥсуа телехәаԥшра ахаҭарнакцәа ааха рыҭара, атехника аԥҽра уҳәа агыгшәыг ҟазшьа змаз ахҭыс ыҟан. Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахада Руслан Ҳашыг, еснагь еиԥш, абырсааҭк ала Ажурналистцәа реидгыла ахьӡала аҳәамҭа ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп иҟалаз ахҭыс аҭҵаара шхымԥадатәиу, "ахара зду ахьырхәра роурц ахәҭоуп" ҳәа. Убасҵәҟьа схәыцуеит ари зыҩуагьы, избанзар ари раԥхьатәи хҭысым ҳара ҳаԥсҭазаараҿы.
Иара убас, иазгәасымҭар залшом, ажурналисттә еилазаара ахаҭарнакцәа аӡәырҩы, иҳәынҭқарратәугьы иҳәынҭқарратәымгьы ахархәагақәа русзуҩцәа, хаҭала рколлегацәа зыниаз ахҭыс бааԥс иақәыӡбаны анҵамҭақәа шыҟарҵаз. Ари маҷк иадамхаргьы агәыӷра ҳанаҭоит ари аус аӡбарҭаҟынӡа инанагоит ҳәа.
Еиҳа иааигәаны имҩаԥысхьоу хҭысқәоуп жьҭаара 30 2014 шықәсазы апартиа "Амцахара" аофис ааигәара Аԥсуа телехәаԥшра ажурналистцәа, хаҭала аоператор ивидеокамера имхны иҭаз акассета ҭыганы, ишакәым иахьизныҟәаз, иара убас, хәажәкыра 3 2020 шықәсазы ажурналистцәа Изида Ҷаниеи Ольга Џьонуеи усҟантәи аоппозициа ахаҭарнакцәа Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысуаз аилатәарахьы имнеиразы аҿагылара рырҭеит. Ари зинеилагаран. Усҟан уи иақәыӡбаны аҳәамҭа ҟазҵоз ажурналистцәа рыбжьара исгәалашәом аоппозициатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа.
Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2020
Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара
Абас акыраамҭа ҵуеит ажурналистцәа рыбжьара аиҟәшара ыҟоужьҭеи. Азакәан аҿаԥхьа зегь ҳаиҟаразар, ус анакәха, ари азанааҭ аус азызуа зегьы еснагь аидгылара аадырԥшлароуп, мамзар алабаҟәа (бумеранг) захьӡу уара уахь игьежьыр алшоит.
Ажурналист иусура аԥырхагахара, анҵамҭа ҟаиҵаратәы имоу аҭагылазаашьа аҿагылара – даҽа хәҭаҷк аганахьала цензуроуп. Уи азакәан 3-тәи ахәҭаҷ аҿы иарбоуп. Даараӡа сгәыӷуеит иацы Аԥсуа телехәаԥшра ажурналистцәа ироуз ааха иадҳәалоу ашьауӷа аӡбарҭахь инеип ҳәа, ус иҟамлар, ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа ҳаԥхьаҟагьы ицәырҵлоит.
Аԥсҭазаара абарбал иаҩызоуп, аԥсуа политикаҿы амчра ирлас-ырласны аҽаԥсахуеит, ҳарҭ ажурналистцәа ҳхықәкы акуп - аинформациа ауаажәларра рызнагара. Ари иаҿагылоу аполитикцәа рыдгылаҩцәа ажурналистцәа ианырԥырхагахо, азакәан аашьҭыхны иаԥхьар еиҳа еиӷьын.
Иара убас ицәырҵит иацтәи амитингқәа еиҿызкааз, аоппозициатә мчқәа еидызкыло "Амилаҭ-патриоттә еидгыла" иҟанаҵаз аҳәамҭа. "Ауаажәларра зегь реиԥш, ҳаргьы агәынамӡара ҳазцәырнагеит" аҳәоит аҳәамҭа алагамҭаҿы иҟалаз ахҭыс азы. Анаҩс "ари аҩыза ахҭысқәа ҟалалоит ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раамҭазы" ҳәа рҳәоит аҳәамҭа ҟазҵаз, уаанӡагьы аиԥш зеиԥшу ахҭысқәа аҭыԥ шрымаз азгәаҭо.
Амитинг аиҿкааҩцәа рхаҭа ари ахҭыс иақәыӡбозар, Аԥсны апрокуратура ԥынгыла дук аиурым аус аҭҵааразы…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0