Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амитингқәа рышьҭахь…

© Sputnik / Томас Тхайцук Комплекс правительственных зданий в Сухуме
Комплекс правительственных зданий в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2021
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 4 рзы, аветеранцәеи аоппозициеи имҩаԥыргоз аҿагыларатә акциазы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ҽаҩраҭагалантәи аполитикатә кризис амҩа ианылеит. Абҵара 4 рзы имҩаԥысуаз ахҭысқәа агәыҩбара узынрыжьуеит. Асоциалтә ҳақәа рҿы ауаа азҵаарақәа шьҭырхуеит, избан Аԥсны ахада Иусбарҭа аганахь ауаа еиҳа изырацәаз, аветеранцәа ирыдгылоз раасҭа ҳәа. Уи аилкаара уамакгьы иуадаҩым. Амчратә усбарҭақәа ирыҵаркуа русуҩцәа русрҭатә ҭыԥқәа ирыхӡыӡаауеит. Ирҭахы-ирҭахым аиҳабыра рхы ддырбароуп ишрыдгыло иасимволны. Атеатр аԥхьа еизаз еиҳа измаҷыз ҳәа сгәы иаанаго акәзар, ари ахҭыс – амилициааи аветеранцәеи реидыслара аполитикахь ииасхьеит. Ахархьуаа ракәзар, аполитикцәа рыгәра ргаӡом, избанзар акырынтә ирбахьеит амчра аҽанеиҭанаклагь ашьҭахь асоциалтә ԥсҭазаара ҽаԥарак ишмыԥо. Аполитикатә хаҿқәагьы ирбац ираҳац роуп.
Аветеранцәеи аоппозициеи имҩаԥыргоз амитинг - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Аԥсны
Митингки ҩ-қәҵараки: Аҟәа аҿагыларатә акциа шымҩаԥысыз
Ажәакала, иацы Атәыла ахада иуаажәлар еизганы, иусурҭатә хыбра еихацла ичаԥаны иҟаиҵазаргьы, насыԥны Иусбарҭа аӡәгьы дақәымлеит. Атеатр аԥхьа амитинг алагамҭаз сгәы азҩон, ахәылбыҽха Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иамхра азҵаатәы акәымкәа, Ахада иԥхьатәара ҳәа азҵаатәы шцәырҵуаз. Аԥсуа политика иамоу асценариа уамак аҽаԥсахуам азы, ус ишыҟалоз азы аԥшҩы лахь ацарагьы аҭахымызт.
Саргьы светерануп аҟынтә, сақәшаҳаҭым аибашьра аветеранцәа урҭ рганахь анапышьҭыхра иҟаз.
Издыруан, иацы Аԥсны ахада игәаанагара шимԥсахуаз. Аслан Бжьаниа Дбар иусура дамихуазтгьы, уи жьҭаара аказы иҟаиҵон. Уи азы апрокурор изыԥшрагьы аҭахымызт. Ус анакәха, апрезидент изинқәа ихыц иархәаны, даҽа знык аминистр ашанс ииҭарц иӡбеит.
Вечерняя набережная Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Аиааира амши азакәандареи: амилициааи, адепутатцәеи, аветеранцәеи реимак иазкны
Ҳақла ҳцәажәозар, 2016 шықәсазы иахьа амчраҿ иҟоу оппозиционрцәаны ианыҟаз, Дбар уажәы дызхагылоу аминистрра иззақәлаз усҟак ибаргәымызт, ишиашамызгьы. "Ареферендум ахь шәцаӡом" иҳәеит усҟантәи аминистр Леонид Ӡаԥшьба.

Ус акәзаргьы, урҭ ахҭысқәа рахь агьежьра згәы азмыҳәо атәылауаҩ, аветеран лаҳасабала, исҳәарц сҭахуп, абҵара 4 ахәылбыҽха аветеранцәа ирыдгылаз аоппозициатә мчқәа иқәдыргыло "апрезидент ԥхьатәара ишьҭра" азҵаатәы хра ҳазымҭо усны сшахәаԥшуа. Ас аамҭа-аамҭала атәыла ахадацәа рыԥсахра ҳҳәынҭқарра ҵызшәаауа усны избоит, аицҵақәа рҭыԥ аицҵалыҵ шамԥсахуа иаҩызоуп. Аӡҩыбжьатәи аветеранцәа рус аполитикцәа рнапахьы ианис нахыс, уи аҩыза амҩахь ҳашкылсуаз ҩашьомызт.

Иацы аҩ-ганк рҟынтәи исаҳауаз ацәажәарақәа, амитинг текстқәа акырынтә исаҳахьоу иреиԥшуп. Аполитикцәа "ажәлар рхьаа" азҵаатәы убарҭ акризис аамҭақәа рзоуп ианышьҭырхуа.
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2021
Дзаҭахыуи Аԥсны апрезидент: аҳәынҭқарратә напхгаразы агәаанагара
Уажәы исцәыуадаҩуп анаҩстәи ахҭысқәа шыҿиаша аҳәара, аха усгьы иубарҭоуп ҽаҩраҭагалани аӡыни ҭынчрамхар шауа. Аԥсны иҟоу аенергетикатә кризис азҵаатәы иахьа иқәгылоу иацлар алшоит. Амчрагьы азхәыцроуп аоппозициа ианыҟаз ирҳәоз анагӡара шаҭахыу. Макьанагьы иҟоуп агәыӷра, иахьа аполитикатә ԥсҭазаара зыргәаҭеиз цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс, аӡбараҭаҿы инеип ҳәа. Иахәаԥшыроуп адепутатцәагьы, амилициа ахаҭаранакцәагьы рызҵаатәы. Еиқәырҽаҽаны ианаанха, амчра уаанӡа иаҳәоз "азакәан аҿаԥхьа зегь еиҟароуп" баша цәажәарахоит.
Атәылаҿы имҩаԥысуа апроцессқәа зегьы мҩақәызҵаша амчра анапхгара знапаҿы иҟоу роуп, убри аҟынтәи ирзынхаз аамҭа иалагӡаны инарыгӡароуп рҳәахьақәа.
Митинг оппозиционных сил у здания Парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2021
Аԥсны
Аԥсыцәгьара аԥыжәара ахьагаз рԥеиԥш бааԥсын: аԥсуаа ҳполитикатә культуразы згәаҭарақәак
Автори аредакциеи рпозициақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0