АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауаажәларратә палатаҿы ареспубликаҿ ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьазы аицәажәарақәа реихшьалақәа инарықәыршәаны ауаажәларратә еиқәшаҳаҭразы амеморандум адкылара азԥхьагәаҭоуп.
"Иахьа ҳара ҳарԥылеит ҳажәлар рҿы пату зқәу ауаа, аинтеллигенциа, ауаажәларратәии аполитикатәии усзуҩцәа рхаҭарнакцәа. Асеиԥш иҟоу аконсультациақәа ԥхьаҟагьы ирыдҳаԥхьалараны ҳаҟоуп амчреи аоппозициеи рхаҭарнакцәа. Зегь ражәалагалақәа зегьы азгәаҭаны, аихшьалатә шәҟәы – амеморандум ҳадаҳкылоит", – лҳәеит Аԥсны Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа.
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр актиор Кесоу Ҳагба иазгәеиҭеит Аԥсны ауаажәлар ирхықәкы хаданы иҟоу аҳәынҭқарра аиқәырхара ауп ҳәа. Атәыла аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбаразы раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ринтересқәа напхгагас рыҟаҵароуп ҳәа иҳәеит иара.
Аҭоурыхҭҵааҩ, аполитолог, ауаажәларратә усзуҩ Наҭелла Акаԥҳа илҳәеит аиԥылара аконструктивтә ҟазшьа шамаз.
"Иҟоу аҭагылазаашьаҿы акраҵанакуаны иҟоуп Ауаажәларратә палата ароль. Ара адиалог иамҩаԥгарҭоуп. Ара ргәаанагара рҳәоит еиуеиԥшым аполитикатә знеишьақәа рхаҭарнакцәа. Уи акраанагоит. Макьаназ ҳара ҳҿы амитингқәа роуп имҩаԥырго, аха иаҭаху аконструктивтә диалог ауп", – лҳәоит лара.
Ашәҟәыҩҩы Даур Начҟьебиа иҳәеит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа шхымԥадатәиу, избанзар аԥсуа ҳәынҭқарра ашәарҭара аҩнуҵҟоуп иахьыҟоу ҳәа.
"Ҳара ҳауп арҭ ашәарҭарақәа зырҵысызгьы. Ҳара ҳҭакԥхықәрадароуп изырҿиаз. Акраамҭатәи апроблемақәа зегь рҽеизыркит. Асеиԥш аан иаалырҟьаны азҵаарақәа рыҽдырҵаруеит, ашәарҭара ахықәахьгьы ажәлар наргоит, атәыла ахықә ихықәдыргылоит", - иҳәеит ашәҟәыҩҩы.
Аконституциатә реформақәа рзы Акомиссиа алахәыла Асҭамыр Ҭаниа иҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа амчреи аоппозициааи рхымҩаԥгашьа ишахьыԥшу.
"Аиԥылара алахәылацәа ирҳәеит еиҿагыло аганқәа рыбжьара аконсенсус шаҭаху, адиалог акәзаргьы, еиҳа инарҭбааны ауаажәларратә еилазаара ралахәхара шхымԥадатәиу. Иҟоуп имаҷымкәа ауаа анапхгарагьы аоппозициаагьы ирықәшаҳаҭым. Аха урҭ ргәаанагара лахь арҭоит, иазхьаԥшуам. Убри азы иактуалу ҳапроблемақәа зегьы ирылацәажәалатәуп. Арахь иаҵанакуеит аекономика, адемографиа, аҵарадырра уҳәа рызҵаарақәа", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭаниа.
Аконсультациақәа ирылаган Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рполитикатә еиҿкаара "Амцахара" ахаҭарнакцәеи, аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәеи, Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәеи раԥхьатәи реиԥыларала, ажьырныҳәа 12 рзы. Аполитикатә партиақәа "Аԥсны акзаареи" "Аԥсны жәлар ракзаара афоруми" рхаҭарнакцәа Аԥсны ауаажәларратә Палатаҟны реиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 18 азы.