https://sputnik-abkhazia.info/20220112/asny-auaazhlarrat-palata-any-ialatsazheit-apolitikat-krizis-alshas-iaatu--1037121944.html
Аԥсны Ауаажәларратә палата аҟны иалацәажәеит аполитикатә кризис алҵшьас иҟаҵатәу
Аԥсны Ауаажәларратә палата аҟны иалацәажәеит аполитикатә кризис алҵшьас иҟаҵатәу
Sputnik Аҧсны
2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа имҩаԥысит аоппозициаа рмитинг, аамҭақәак рыла аиҳабыратә хыбрақәа рыкәша-мыкәша аилаҩеиласрахь ииасыз. Иаанкылоуп амитинг... 12.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-12T16:44+0300
2022-01-12T16:44+0300
2022-01-12T16:44+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/0c/1037121141_5:0:1265:709_1920x0_80_0_0_014ecb5a7572b44d362c9ebc5d8c2b51.png
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьара аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Амцахара" ахаҭарнакцәеи аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәеи Аԥсны ауаажәларратә Палата алахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 12 азы.Ауаажәларратә Палата аԥшьгамҭала имҩаԥысыз аиԥылара ахҳәаа арҭеит апалата алахәыла Сократ Џьынџьали апартиақәа рхаҭарнакцәеи.Џьынџьал иазгәеиҭеит аганқәа рыбжьара хра змаз агәаанагарақәа шеимдаз."Ауаажәларра еидызкылаша амҩақәа ралхшьа атәы иалацәажәан, ауаажәларра амчқәа зегьы аҳәынҭқарраз ихәарҭахарц азы", - ҳәа иҳәеит иара.Ауаажәларратә еиҿкаара "Ахьаца" анапхгаҩы Ахра Бжьаниа ишиҳәаз ала аиԥылара алахәылацәа иакыз агәаанагра рыман ареспубликаҿы акризис ахысразы аиҿцәажәарақәа шхымԥадатәу.Апартиа "Амцахара" аполитхеидкыла амаӡаныҟәгаҩ Заур Адлеиба иазгәеиҭеит апартиақәа рлахәылацәа рыбжьара аиҿцәажәара ауасхыр шышьҭаҵатәу."Сгәы иаанагоит зегьы еилаҳкааит ҳәа "амҩатә" хырхарҭа ибзиоу ахь ҳашкылнамго. Иахәҭоуп аицәажәара, аинырра, уаанӡа иҟаз агхақәа рыриашара", - иҳәеит иара.Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа рышьҭахь, аилаҩеиласрақәа рылахәреи амчра ахаҭарнакцәа рганахьала амч ахархәареи рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура ихацнаркыз заатәи ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аанкыларақәа хәба мҩаԥнагеит.Ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа урҭ рганахь ала аӡбамҭақәа аднакылеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20211229/bzhania-aa-imaysyz-aoppozitsiaa-rmiting-akhaa-aieit-1036968593.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/0c/1037121141_162:0:1107:709_1920x0_80_0_0_bc3d877005b06f7f91dd133288a9249e.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны Ауаажәларратә палата аҟны иалацәажәеит аполитикатә кризис алҵшьас иҟаҵатәу
2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа имҩаԥысит аоппозициаа рмитинг, аамҭақәак рыла аиҳабыратә хыбрақәа рыкәша-мыкәша аилаҩеиласрахь ииасыз. Иаанкылоуп амитинг алахәылацәа хәҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьара аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Амцахара" ахаҭарнакцәеи аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәеи Аԥсны ауаажәларратә Палата алахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 12 азы.
Ауаажәларратә Палата аԥшьгамҭала имҩаԥысыз аиԥылара ахҳәаа арҭеит апалата алахәыла Сократ Џьынџьали апартиақәа рхаҭарнакцәеи.
Џьынџьал иазгәеиҭеит аганқәа рыбжьара хра змаз агәаанагарақәа шеимдаз.
"Ауаажәларра еидызкылаша амҩақәа ралхшьа атәы иалацәажәан, ауаажәларра амчқәа зегьы аҳәынҭқарраз ихәарҭахарц азы", - ҳәа иҳәеит иара.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Ахьаца" анапхгаҩы Ахра Бжьаниа ишиҳәаз ала аиԥылара алахәылацәа иакыз агәаанагра рыман ареспубликаҿы акризис ахысразы аиҿцәажәарақәа шхымԥадатәу.
"Ҳреспубликаҿ аизыҟазаашьақәа ирызхәыцтәуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа – аполитикатә қәԥара акультура, азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭақәа, аполитикатәи аҳәынҭқарратәи институтқәа раԥҵара уҳәа рганахь ала. Ҳара ҳазыхиоуп ауадаҩрақәа ааныжьны иахьа инаркны ԥхьаҟа ацара. Шәааи ҳаиҽыԥныҳәарақәа ҳарҟәаҵны уаҵәтәи амш ҳазхәыцып", - иҳәеит иара.
Апартиа "Амцахара" аполитхеидкыла амаӡаныҟәгаҩ Заур Адлеиба иазгәеиҭеит апартиақәа рлахәылацәа рыбжьара аиҿцәажәара ауасхыр шышьҭаҵатәу.
"Сгәы иаанагоит зегьы еилаҳкааит ҳәа "амҩатә" хырхарҭа ибзиоу ахь ҳашкылнамго. Иахәҭоуп аицәажәара, аинырра, уаанӡа иҟаз агхақәа рыриашара", - иҳәеит иара.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа рышьҭахь, аилаҩеиласрақәа рылахәреи амчра ахаҭарнакцәа рганахьала амч ахархәареи рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура ихацнаркыз заатәи ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аанкыларақәа хәба мҩаԥнагеит.
Ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа урҭ рганахь ала аӡбамҭақәа аднакылеит.