Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акризис алҵразы амҩақәа: Ауаажәларратә палатаҿы аицәажәарақәа ирыцырҵоит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Консультация в Общественной палате Абхазии
Консультация в Общественной палате Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2022
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палатаҿы аицәажәарақәа реихшьаалақәа инарықәыршәаны ауаажәларратә еиқәшаҳаҭразы адокумент адкылара азԥхьагәаҭоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аполитикатә партиақәа "Аԥсны акзаареи" "Аԥсны жәлар ракзаара афоруми" рхаҭарнакцәа Аԥсны ауаажәларратә Палата аҟны реиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 18 азы.
"Ауаажәларратә палата апартиақәа рхадацәа реилацәажәарақәа мҩаԥнагоит. Иахьа иаҳҭан "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы Сергеи Шамба, "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" ахада Аслан Барцыц. Уаанӡа "Амцахареи" "Аруааи" рнапхгара ҳарԥылеит. Иаҳҭахуп аполитикатә мчрақәа зегьы ҳрыҿцәажәар", - ҳәа лҳәеит Аԥсны ауаажәларратә Палата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа.
Нужно разговаривать: Амцахараи Аруаа обсудили пути выхода из политического кризиса - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Аԥсны
Аԥсны Ауаажәларратә палата аҟны иалацәажәеит аполитикатә кризис алҵшьас иҟаҵатәу
Лара иазгәалҭеит, аиԥылараҿы ишырзааҭгылаз еиуеиԥшым азҵаарақәа, аицәажәара хра аманы ишылыԥхьаӡо. Ауснагӡатә алахәылацәа зегьы атәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ыҟазар рҭахуп ҳәа лҳәеит лара.
Аполитикатә партиа "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы Сергеи Шамба Апалата аԥшьгамҭа дшадгылаҩу иҳәеит.
"Иахьа атәыла аполитикатә мчрақәа реизыҟазаашьаҿы акризистә ҭагылазаашьа иалацәажәан, иҟаҵан ажәалагала Ауаажәларратә палата абри азҵаараҿы бжьаҟазара ауырц, ауаажәларратә еиқәшаҳаҭраз адокумент апроект азнархиарц. Ҳара иаҳҭахуп иҟазарц аиҿцәажәара", – иҳәеит Шамба.
Ҳашыг Амцахареи Аруааи рхаҭарнакцәа реиԥыларазы: агәыӷра узҭо лҵшәоуп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2022
Арадио
Ҳашыг "Амцахареи" "Аруааи" рхаҭарнакцәа реиԥыларазы: агәыӷра узҭо лҵшәоуп
Аполитикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" ахада Аслан Барцыц Ауаажәларратә палата аԥшьгамҭа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
"Ауаажәларратә палата аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иаду аҭакԥхықәра иазхәыцны абжьаҟазара аус ахахьы иагеит. Абри аганахь ала Апалата аусура конструктивтәуп, избанзар иара ахықәкыс иамоу аполитикатә партиақәеи амчреи реизааигәатәра ауп", - ҳәа иҳәеит иара.
Иахьа атәылаҿ аполитика-економикатә ҭагылазаашьа уадаҩуп. Аганқәа зегьы иҟоу акризис ахысра рҭахуп ҳәа азгәеиҭеит Аслан Барцыц.
Аџьынџьтәылатә еибашьара аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Амцахара" ахаҭарнакцәеи аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәеи Аԥсны ауаажәларратә Палата алахәылацәеи аԥхьатәи реиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 12 азы.
Пресс-конференция в АРСМИРА - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Аԥсны
Ахра Бжьаниа: амилаҭ еицырзеиԥшу акы аҟны ҳаицааироуп
Ажәабжьқәа зегьы
0