АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы ажьырныҳәа 20 рзы ҩаԥхьа аконсультациақәа мҩаԥган ауаажәларра-политикатә кризис алҵразы.
Аполитикатә партиа "Аԥсны" ахада Витали Габниа иҳәеит Апарламент иааиуа ааԥхьара атәыла асуверенитет аларҟәразы аполитикатә транзитны иҟаларц аҽазыҟанаҵоит ҳәа агәаанагара цәырҵуеит ҳәа.
"Уи ус акәзар, уи аамҭа иаҳнарбап, иарбанзаалак ареформақәа аҭахым, аиҳаракгьы алхрақәа еилаԥсоу рсистемала. Аҳәынҭқарраз асуверенитет аӡра шәарҭоуп. Убри аан асуверинитет аӡра алшоит ауаа рхаҭақәа рҿы, рхәыцраҿы, рпатриотизмраҿы", - иҳәеит иара.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" ахаҭарнак Ешсоу Какалиа иҳәеит аиԥылара алахәылацәа ишырзеиҭарҳәаз аиҿкаара аҩнуҵҟаполитикатә еиҿагылара ацәцаразы иҟанаҵаз.
"Аха ҳара ҳахьалагаз ахь ҳаиҭахынҳәит. Хәажәкырамзаахыс аус здаҳулаз аматериалқәа Ауаажәларратә палата иаҳҭеит. Ҳгәыӷуеит, абри азҵаараҿы ҳԥышәа хәарҭахап ҳәа", - иҳәеит иара.
Аԥсны аекономикатә ҿиара апартиа ахаҭарнак Теиа Арышԥҳа Ауаажәларратә палата аусуразы ҭабуп ҳәа ралҳәеит, аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реидыԥхьаларазы.
"Апресса азы аформат аркуп, абрифинг аҿы азҵаарақәа рҭакқәа ҟаҳҵоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Апартиа ЕРА ажәалагала ҟанаҵеит аиҿыхарақәа аганахь иааныжьны Апалатаҿ ирыдыркылараны иҟоу аихшьааларатә документ иазыӡырҩырц.
Апартиа "Аиҭаира" ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Иулиан Бобуа Ауаажәларратә палата аформат бзиоуп ҳәа ахиҳәааит.
"Ҳара ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәара ҳадгылаҩцәоуп, иаҳҭахуп абаррикадақәа ҳарԥырҵны азинмҩахь ҳкылсырц", - ҳәа иҳәеит иара.
Аполитикатә еиҿкаарқәеи, ауаажәларратә еиҿкаарқәеи, аҵарауааи аинтеллигенциеи рхаҭарнакцәеи Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәеи раԥхьатәи реиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 12 рзы.