Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахра Бжьаниа: амилаҭ еицырзеиԥшу акы аҟны ҳаицааироуп

© SputnikПресс-конференция в АРСМИРА
Пресс-конференция в АРСМИРА - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьара аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Амцахара" ахаҭарнакцәеи аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 12 азы Аԥсны ауаажәларратә палата аԥшьгамҭала.
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" алахәыла Ахра Бжьаниа ааԥхьара ҟаиҵеит изхароу рыԥшаара иаҟәыҵны ажәлар реидкылара ишалагатәу. Абри атәы иҳәеит Ауаажәларратә палатаҿ реиԥылара алҵшәақәа ртәы ахҳәаа ҟаҵо АРСМИР аҟны имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ.

"Ецҿакны иҳәан гәаанагарак - иахьатәи аҭагылазаашьаҟны ахара зду иԥшаара ҳаҟәыҵны ҳажәлар еицырзеиԥшу мҩакаҿ азааибагаразы ҳааидтәалан аиҿцәажәара, ауаажәларратә еиқәшаҳаҭра аԥҵара", - иҳәеит иара.

Хықәкы хаданы иҟоу, ҳажәлар ԥхьаҟа изгаша аҭагылазаашьа рзаԥҵара ауп.
"Сара сгәы иаахәеит "Амцахара" ахаҭарнакцәа ари еиԥш аԥшьгамҭа адгылара ахьарҭаз", - иҳәеит Ахра Бжьаниа.
Нужно разговаривать: Амцахараи Аруаа обсудили пути выхода из политического кризиса - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Аԥсны
Аԥсны Ауаажәларратә палата аҟны иалацәажәеит аполитикатә кризис алҵшьас иҟаҵатәу
Иара иажәақәа рыла, амчреи аоппозициеи рыбжьара ишьақәгылаз реизыҟазаашьақәа харшҭтәуп, уи иалнаршоит ауаажәларратә еиқәшаҳаҭра абжьаҵара, уаҟа ахәҭак аҟны аполитикатә-асоциалтә зҵаарақәа рыӡбразы иҟаҵатәу арбазаауеит, амчра азықәԥаразы ииашам ашьаҿақәа аԥнырҟәҟәаауеит.
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны Ауаажәларратә палата аҟны имҩаԥгаз аиқәшәара агәыӷра шыинаҭо, ауаажәларратә еиқәшаҳаҭра амнистиазы ҵаргәас ирзыҟалоит атәылаҟны имҩаԥысуаз аҿагыларатә митингқәа рлахәылацәа зегьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0