АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы ажьырныҳәа 12 азы ауаажәларра-политикатә кризис алҵразы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еилазаарақәеи рхаҭарнакцәа алархәны излагаз аилацәажәарақәа хыркәшахеит ажьырныҳәа 21 азы.
Аполитолог Леила Ҭаниаԥҳа иазгәалҭеит аимак-аиҿак алахәылацәа зегьы еидызкыло акәны ишыҟалаз ауаажәларреи атәылеи ахықә ишхықәгыло аилкаара.
"Инарҭбааны амч ахархәара зынӡа иҟамлароуп, амчрақәа рганахь алагьы аоппозициатә мчрақәа рганахь алагьы. Аус адулатәуп акризис алзмыршо, иҭынчу аиҿцәажәарақәа. Уи иалнаршо иҟазароуп аполитикатә мчрақәеи апартиақәеи аӡбрақәа рыдкылара ахылаԥшра", - лҳәеит лара.
Аекономикеи азини р-Институт аусзуҩ Ахра Арсҭаа иазиԥхьаӡоит аҳәынҭқарратә мчрақәа русура зырманшәало, аҳәынҭқарра шьҭызхуа ахырхарҭа азыԥшаатәуп ҳәа.
"Ари азҵаара ишьҭаҵаны ахәаԥшра аҭахӡам. Еиҵагылеит абиԥара ҿыц. Урҭ рыхьӡала, раҳаҭыр азы ҳаицәажәароуп. Ицәыргатәуп аҭагылазаашьа аимак ахь икылзымгаша ахырхарҭа", - иҳәеит иара.
Ауаажәларратә усзуҩ, апоет Геннади Аламиа Ауаажәларратә палата имҩаԥнагаз аусура ҭабуп ахиҳәааит.
"Иахьазы ԥсыхәа змам акәны иҟоуп аиҿцәажәара, аилибакаара, акзаара. Зегь хықәкык ауп иҳамоу – аҳәынҭқарреи ажәлари реиқәырхара. Уи еиҳау акгьы ыҟаӡам. Абир зегьы ианеилыркаалак ауп акзаарагьы аныҟало", - ҳәа иҳәеит иара.
Ауаажәларратә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы Октаи Чкотуа иазгәеиеҭит ареспублика иахьа изҭагылоу аус аҿы зегьы ирылшо ҟарҵар шакәу.
"Иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа. Аха иҟоу шыҟоу иаанҳажьыр ибзиоу ахь ҳкылнагом. Ҩыџьа анесуа "саанышәымкылан" зҳәо ииҭахыҵәҟьоу дааныркыларц ауп. Ажәлар рԥеиԥш иазхәыцуа абри аан аганқәа амҩа иаша иқәиҵароуп", - иҳәеит Чкотуа.
Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа иазгәалҭеит аицәажәарақәа шыхдыркәшазгьы Апалата ԥхьаҟагьы аиԥыларақәа шымҩаԥнагало, аудаҩрақәа рылацәажәара ишазыхиоу.