https://sputnik-abkhazia.info/20220121/uati-amsh-azy-ailatsazhara-auaazhlarrat-palata-akrizis-alrazy-azhadgalaa-1037236859.html
Уаҵәтәи амш азы аилацәажәара: Ауаажәларратә палата акризис алҵразы ажәадгалақәа
Уаҵәтәи амш азы аилацәажәара: Ауаажәларратә палата акризис алҵразы ажәадгалақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еилазаарақәеи рхаҭарнакцәа алархәны Ауаажәларратә палатаҿы ажьырныҳәа 12 азы ирылаган аилацәажәарақәа... 21.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-21T19:22+0300
2022-01-21T19:22+0300
2022-01-21T19:28+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/15/1037234494_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_b10624b19a1e7df8cd1b6956f5da18b0.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы ажьырныҳәа 12 азы ауаажәларра-политикатә кризис алҵразы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еилазаарақәеи рхаҭарнакцәа алархәны излагаз аилацәажәарақәа хыркәшахеит ажьырныҳәа 21 азы.Аполитолог Леила Ҭаниаԥҳа иазгәалҭеит аимак-аиҿак алахәылацәа зегьы еидызкыло акәны ишыҟалаз ауаажәларреи атәылеи ахықә ишхықәгыло аилкаара.Аекономикеи азини р-Институт аусзуҩ Ахра Арсҭаа иазиԥхьаӡоит аҳәынҭқарратә мчрақәа русура зырманшәало, аҳәынҭқарра шьҭызхуа ахырхарҭа азыԥшаатәуп ҳәа."Ари азҵаара ишьҭаҵаны ахәаԥшра аҭахӡам. Еиҵагылеит абиԥара ҿыц. Урҭ рыхьӡала, раҳаҭыр азы ҳаицәажәароуп. Ицәыргатәуп аҭагылазаашьа аимак ахь икылзымгаша ахырхарҭа", - иҳәеит иара.Ауаажәларратә усзуҩ, апоет Геннади Аламиа Ауаажәларратә палата имҩаԥнагаз аусура ҭабуп ахиҳәааит."Иахьазы ԥсыхәа змам акәны иҟоуп аиҿцәажәара, аилибакаара, акзаара. Зегь хықәкык ауп иҳамоу – аҳәынҭқарреи ажәлари реиқәырхара. Уи еиҳау акгьы ыҟаӡам. Абир зегьы ианеилыркаалак ауп акзаарагьы аныҟало", - ҳәа иҳәеит иара.Ауаажәларратә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы Октаи Чкотуа иазгәеиеҭит ареспублика иахьа изҭагылоу аус аҿы зегьы ирылшо ҟарҵар шакәу."Иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа. Аха иҟоу шыҟоу иаанҳажьыр ибзиоу ахь ҳкылнагом. Ҩыџьа анесуа "саанышәымкылан" зҳәо ииҭахыҵәҟьоу дааныркыларц ауп. Ажәлар рԥеиԥш иазхәыцуа абри аан аганқәа амҩа иаша иқәиҵароуп", - иҳәеит Чкотуа.Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа иазгәалҭеит аицәажәарақәа шыхдыркәшазгьы Апалата ԥхьаҟагьы аиԥыларақәа шымҩаԥнагало, аудаҩрақәа рылацәажәара ишазыхиоу.
https://sputnik-abkhazia.info/20220118/akrizis-alrazy-amaa-auaazhlarrat-palatay-aitsazharaa-irytsyroit-1037188505.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220112/asny-auaazhlarrat-palata-any-ialatsazheit-apolitikat-krizis-alshas-iaatu--1037121944.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220119/auaazhlarrat-palatay-aitsazharaa-ryshakh-amemorandum-rydyrkyloit-1037206379.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/15/1037234494_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_a1f2fc6718b60303394fe2e5e62a58e9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Уаҵәтәи амш азы аилацәажәара: Ауаажәларратә палата акризис алҵразы ажәадгалақәа
19:22 21.01.2022 (ирҿыцуп: 19:28 21.01.2022) Аԥсны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еилазаарақәеи рхаҭарнакцәа алархәны Ауаажәларратә палатаҿы ажьырныҳәа 12 азы ирылаган аилацәажәарақәа ауаажәларра-политикатә кризис алҵразы. Иахьазы хә-еиԥыларак мҩаԥгоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы ажьырныҳәа 12 азы ауаажәларра-политикатә кризис алҵразы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еилазаарақәеи рхаҭарнакцәа алархәны излагаз аилацәажәарақәа хыркәшахеит ажьырныҳәа 21 азы.
Аполитолог Леила Ҭаниаԥҳа иазгәалҭеит аимак-аиҿак алахәылацәа зегьы еидызкыло акәны ишыҟалаз ауаажәларреи атәылеи ахықә ишхықәгыло аилкаара.
"Инарҭбааны амч ахархәара зынӡа иҟамлароуп, амчрақәа рганахь алагьы аоппозициатә мчрақәа рганахь алагьы. Аус адулатәуп акризис алзмыршо, иҭынчу аиҿцәажәарақәа. Уи иалнаршо иҟазароуп аполитикатә мчрақәеи апартиақәеи аӡбрақәа рыдкылара ахылаԥшра", - лҳәеит лара.
Аекономикеи азини р-Институт аусзуҩ Ахра Арсҭаа иазиԥхьаӡоит аҳәынҭқарратә мчрақәа русура зырманшәало, аҳәынҭқарра шьҭызхуа ахырхарҭа азыԥшаатәуп ҳәа.
"Ари азҵаара ишьҭаҵаны ахәаԥшра аҭахӡам. Еиҵагылеит абиԥара ҿыц. Урҭ рыхьӡала, раҳаҭыр азы ҳаицәажәароуп. Ицәыргатәуп аҭагылазаашьа аимак ахь икылзымгаша ахырхарҭа", - иҳәеит иара.
18 Ажьырныҳәа 2022, 16:10
Ауаажәларратә усзуҩ, апоет Геннади Аламиа Ауаажәларратә палата имҩаԥнагаз аусура ҭабуп ахиҳәааит.
"Иахьазы ԥсыхәа змам акәны иҟоуп аиҿцәажәара, аилибакаара, акзаара. Зегь хықәкык ауп иҳамоу – аҳәынҭқарреи ажәлари реиқәырхара. Уи еиҳау акгьы ыҟаӡам. Абир зегьы ианеилыркаалак ауп акзаарагьы аныҟало", - ҳәа иҳәеит иара.
Ауаажәларратә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы Октаи Чкотуа иазгәеиеҭит ареспублика иахьа изҭагылоу аус аҿы зегьы ирылшо ҟарҵар шакәу.
12 Ажьырныҳәа 2022, 16:44
"Иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа. Аха иҟоу шыҟоу иаанҳажьыр ибзиоу ахь ҳкылнагом. Ҩыџьа анесуа "саанышәымкылан" зҳәо ииҭахыҵәҟьоу дааныркыларц ауп. Ажәлар рԥеиԥш иазхәыцуа абри аан аганқәа амҩа иаша иқәиҵароуп", - иҳәеит Чкотуа.
Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа иазгәалҭеит аицәажәарақәа шыхдыркәшазгьы Апалата ԥхьаҟагьы аиԥыларақәа шымҩаԥнагало, аудаҩрақәа рылацәажәара ишазыхиоу.
19 Ажьырныҳәа 2022, 17:40