Аԥсны

Тамшь имҩаԥысуаз ашахматтә атурнир аҿы иаиааиз аицлабра игәаҿы ишаанхаз далацәажәеит

Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ирццаку (рапид) ашахматтә турнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 22- 23 азы Тамшь ақыҭан.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атурнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" аҭагылазаашьа маншәалақәа аманы имҩаԥысуан ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит агроссмеистерцәа рыбжьара аиааира згаз Павел Смирнов.

"Аиԥыларақәа мҩаԥысуан амшын аԥшаҳәаҿы, аҭыԥ ссир аҿы. Ахәмаррақәа раан амшын абжьы ҳлымҳа иҭасуан. Ааигәа акаҳуажәырҭа аус ауан. Ианаҳҭахыз акаҳуа аажәуан ма какал ҳкуан. Аԥсны акырҵуан смааижьҭеи. 2009 шықәса рзы Пицундеи Гагреи сыҟан. Уатәи аԥшӡарақәа зегь сгәаԥхеит" , - иҳәеит иара.

Мрагыларатәи Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рбаразы аамҭа шимамызгьы, асас иибаз-иаҳаз игәаԥхеит. Атурнир аҿы иҟан зындаҭлара мариамыз ахәмарыҩцәа.
"Рындаҭлара уадаҩын Голубев Савели, Луговскои Максим уҳәа жәларбжьаратәи аҟазацәа. Аиааира мариамызт. Сгәы иаанагон аԥхьатәи ахҩык срылашәоит ҳәа, аха аиааира сылшеит. Уи даара игәахәароуп", - ҳәа иҳәеит ашахматасыҩ.
Аԥсны
Тамшьтәи адебиут: ашахматтә турнир аҿы иаиааизи аԥхьахәқәа згази
Тамшьтәи атурнир мҩаԥысуан ажьырныҳәа 22 - 23 рзы. Агроссмеистерцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Павел Смирнов, аҩбатәи - Миран Оганиан, ахԥатәи - Савели Голубев, аԥшьбатәи - Давид Закариан, ахәбатәи - Максим Луговскои. Зегьы урыстәылаа роуп.
Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ирццаку (рапид) ашахматтә турнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" аҿы аиааира згаз иранашьан ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа.
Аицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" мҩаԥыргоит аспорт азы Аԥсны Аҳәынҭеилаки Аԥсны ашахмат азы Афедерациеи Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ацхыраара ала. Афинанстә цхыраара ҟарҵеит "Унив­ерсал банк", "Амобаи­л", Гәылрыԥшь араион ахадара.
Sputnik Аԥсны аинформациатә дгылара анаҭоит Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны.Тамшь-Village 2022".
"Тамшь Village" - ари амшын аԥшаҳәаҿы игылоу 1000-ҩык зкуа ҳаамҭа иақәшәо коттеџьтә комплексуп, уи аргыларазы аинвестициақәа аланаҵеит урыстәылатәи атуристтә еилахәыра "Библио-Глобус". Иара аартын 2021 шықәса ԥхынгәымза алагамҭазы.
Аԥсны
Шахи мати: жәларбжьаратәи аицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" раԥхьатәи амш