Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Тамшьтәи адебиут: ашахматтә турнир аҿы иаиааизи аԥхьахәқәа згази

© Sputnik / Марианна Кубрава Первый международный шахматный рапид-турнир
Первый международный шахматный рапид-турнир - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз аԥсшьарамшқәа рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥган жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны. Тамыш-Village 2022".
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ирццаку (рапид) ашахматтә турнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 22- 23 азы Тамшь ақыҭан. Аиааира згаз иранашьан ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа.

"Ҩымш ицоз атурнир Аԥсны ахьынӡанаӡааӡоз аинтерес аман, Аԥсуа телехәаԥшра, "Абаза-ТВ", Sputnik Аԥсны рҟынтәи аинформациатә дгылара аман. Аинформациа Аԥсны зегьы иаларҵәан, иара убасгьы Урыстәылантә ахҳәаақәа аиуит", - ҳәа иҳәоит ашахмат азы Аԥсны Афедерациа ахада Константин Ҭыжәба.

Алахәылацәа, атурнир ацхырааҩцәа зегь ҭабуп ҳәа раҳәо, иқәгылара ашьҭахь Ҭыжәба "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" аиааиҩцәа аԥхьахәқәа рыҭарахь диасит.
Аашықәса рҟынӡа зхыҵуаз ашахматасыҩцәа рҟынтә актәи аҭыԥ игеит Стилиан Мықәба, жәашықәса зхыҵуа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ никылеит Руслан Мықәба, аҩбатәи - Георги Павлов, актәи - Даниил Неценко.
Шахматный турнир Абхазия. Тамыш-Village 2022  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2022
Аԥсны
Ашахматтә еицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" хыркәшоуп
Аветеранцәа рыбжьара ахәбатәи аҭыԥ никылеит Константин Ҭыжәба, аԥшьбатәи - Иури Емилиашин (Шәача), ахԥатәи - Виктор Мажников (Урыстәыла), аҩбатәи - Сергеи Миносиан (Очамчыра), актәи - Борис Наҟоԥиа.
Аҳәса рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ анылкылеит - Нина Сироткина, аҩбатәи – Маиа Порожниак, актәи - Анна Афанасьева, рыхҩыкгьы "Абхазия. Тамыш-Village 2022" алахәхаразы Урыстәылантәи иааит.
Аҳәса рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит Нина Сироткина, аҩбатәи – Маиа Порожниак, актәи - Анна Афанасиева, рыхҩыкгьы "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" алахәхаразы Урыстәылантәи иааит.
Ашколхәыҷқәа рыбжьара ахәбатәи аҭыԥ ааникылеит Аинар Хәырхәмал, аԥшьбатәи – Алексеи Ладыченко, ахԥатәи Сарида Лакәатаа, аҩбатәи – Тристан Кәарацхьелиа, актәи - Осман Пшахов.
Первый международный шахматный турнир в Абхазии_АБХ - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2022
Аԥсны
Шахи мати: жәларбжьаратәи аицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" раԥхьатәи амш
Агроссмеистерцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Павел Смирнов, аҩбатәи - Миран Оганиан, ахԥатәи - Савели Голубев, аԥшьбатәи - Давид Закариан, ахәбатәи - Максим Луговскои. Зегьы урыстәылаа роуп.
Аԥхьахәанашьара ацеремониа хыркәшо, Константин Ҭыжәба иҳәеит ҽааны ишыҟало аԥхьахәқәа 12, ишацҵахо аԥхьахәтә фонд. Сынтәа уи 500 000 мааҭ ыҟан.
Аицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" мҩаԥыргеит аспорт азы Аԥсны Аҳәынҭеилакыи Аԥсны ашахмат азы Афедерациеи Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ацхыраара ала. Афинанстә цхыраара ҟарҵеит "Унив­ерсал банк", "А-мобаи­л", Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рхадарақәа. Аинформациатә дгылара - Sputnik Аԥсны.
Ажәабжьқәа зегьы
0