Аԥсны

Гәдоуҭа араион ашколқәа акарантин ахь иршьҭит

Гәдоуҭа араион аҿы 29 школ ыҟоуп, 4 000-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа аҵара рҵоит. Аус руеит 700-ҩык арҵаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik, Бадри Есиава. Акоронавирустә инфекциа алаҵәара иахҟьаны Гәдоуҭа араион ашколқәеи ашколқәранӡатәи аусбарҭақәеи акарантин ахь иршьҭит жәабран 14 аҟынӡа, абри азы адырра ҟаиҵеит араион аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.
"Гәдоуҭа араион ашколқәа рҿы ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи рыбжьара COVID-19 ирласны ирылаҵәо иалагеит. Ачымазара ауааԥсыра рыбжьарагьы ирылаҵәоит. Аҭагылазаашьа инадҳәаланы Акоординациатә штаби ҳареи аӡбра ҳадаҳкылеит Гәдоуҭа араион ашколқәеи ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәеи акарантин ахь рышьҭра жәабран 14 аҟынӡа", - иҳәеит иара.
Аԥсны
"Ҩымчыбжьа аҿҳәара раҳҭоит": Аҵара аминистр арҵаҩцәа алаҵа ҟарҵарц рабжьигеит
Ҳаразиа иҳәеит, ажьырныҳәа 27 азтәи аамҭазы акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп 20-ҩык арҵаҩцәеи 51-ҩык аҵаҩцәеи ҳәа. Аҽа ааҩык арҵаҩцәа ПЦР-тестқәа рҭак иазыԥшуп.
Иара убасгьы, аҭаацәа рҟынтәи иҟоуп COVID-19 зыдбалоу.
Аҟәа ахада иусдҵала ашколқәа аркуп ажьырныҳәа 27 инаркны жәабран 4 аҟынӡа, Гагра араион аҿы жәабран 1 аҟынӡа иаркхоит ашколқәа.