Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Алхратә комиссиа хадаҿы иҭарҩхьеит адепутатрахь акандидатцәа раԥшьгаратә гәыԥқәа 118

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Алхратә комиссиа хада (АКХ) аҿы иҭарҩхьеит Аԥсны Апарламент ахь адепутатразы акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа 118.
Аҩаша, жәабран 8 азы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ашәҟәы иҭарҩит:
Ҵәыџьԥҳа Гәында - 32-тәи алхратә ҭыԥ хада (Очамчыратәи),
Џьыкырба Шабаҭ - 9-тәи алхратә ҭыԥ хада (Мрагыларатәи).
Жәабран 8 азы иҟоу аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьагаратә гәыԥқәа 118, аполитикатә партиақәа хәба. Асиа зегьы шәаԥхьар шәылшоит абра.
Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара хыркәшахоит жәабран 10 азы. Адепутатразы акандидатцәа рҭаҩра иалагоит жәабран 10 инаркны, ихыркәшахоит хәажәкыра 2 азы.