Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны Жәлар Реизара алхрақәа рахь жәларбжьаратәи анаԥшцәа 30-ҩык ааԥхьара рымоуп

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Алхратә комиссиа хада Жәлар Реизарахь алхрақәа рахь жәларбжьаратәи анаԥшцәа 30-ҩык ааԥхьара рырҭеит, абри атәы иҳәеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан Ауаажәларратә палатаҟны имҩаԥысыз аилатәараҿы.

Ааԥхьара рыҭоуп Урыстәылантәи, Приднестровиантәи, Аахыҵ Уаԥстәылантәи анаԥшцәа, иҳәеит Маршьан.

Иара убас ааԥхьара нашьҭуп Урыстәыла Афедерациа Ахеилаки Аҳәынқарратә Думеи рахь.
Зынӡа АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьгаратә гәыԥқәа 118, аполитикатә партиақәа хәба, дара рҟынтәи алхрақәа ирылахәуп 15-ҩык.
Акандидатцәа рышәҟәҭагалара мҩаԥыслоит хәажәкырамза 2 рҟынӡа. АКХ ахь иахәҭоу ашәҟәқәа зегьы нагатәуп жәабранмза 20 рҟынӡа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҟны ирҳәеит Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгаразы иазгәаҭоу абиуџьет атәы
Абыжьбатәи Апарламент ҿыц ааиуа хәышықәса ареспублика азакәанԥҵаратә политика шьақәныргылоит.
Абжьыҭаразы азин имоуп абжьыҭара амш аҽнынӡа 18 шықәса зхыҵхьоу дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ. Жәлар Реизарахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.