Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

АКХ аҟны ирҳәеит Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгаразы иазгәаҭоу абиуџьет атәы

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы, алхыҩцәа абжьыҭара рылшоит 35 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны.
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгаразы абиуџьет 20 миллион мааҭ ыҟоуп иҳәеит Алхратә комиссиа хада алахәыла Алиас Бранӡиа Ауаажәларратә палатаҟны имҩаԥгаз аилатәараҿы.
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ ишьақәнаргылеит адепутатрахь акандидатцәа ателехәаԥшраҿы рықәгыларақәа аамҭеихша
Аныхрақәа реиҳарак алхратәи аҭыԥантәи акомиссиақәа рлахәылацәа ргәыҟаҵагоуп, иҳәеит иара.
Зынӡа АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьгаратә гәыԥқәа 118, аполитикатә партиақәа хәба, дара рҟынтәи алхрақәа ирылахәуп 15-ҩык.

Акандидатцәа рышәҟәҭагалара мҩаԥыслоит хәажәкырамза 2 рҟынӡа. АКХ ахь иахәҭоу ашәҟәқәа зегьы нагатәуп жәабранмза 20 рҟынӡа.

Абыжьбатәи Апарламент ҿыц ааиуа хәышықәса ареспублика азакәанԥҵаратә политика шьақәныргылоит.
Абжьыҭаразы азин имоуп абжьыҭара амш аҽнынӡа 18 шықәса зхыҵхьоу дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ. Жәлар Реизарахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0