Аԥсны

Аԥсны АҶА Донбасс ауааԥсыра арыцхраара ишазхиоу атәы аҳәеит

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Донбасс аҳәаақәа рҿы аҭагылазаашьа акыр ишәарҭахеит, Украина арбџьармчқәа донбасстәи ахьчаҩцәа рпозициақәа изныкымкәа ирылахысуан.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Аԥсны АҶА азхиоуп Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҟынтәи рколлегацәа изларылшо ала арыцхраара, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аоперативтә ҟәшақәа хиоуп Донбассҟа ицаны аҭынч уааԥсыра ацхыраара рыҭара ҳәа аҳәоит адырраҭара.
Ахәаша жәабран 18 рзы Донецктәи Лугансктәи жәлар рреспубликақәа рхадацәа алаҳәара ҟарҵеит Урыстәылаҟа руааԥсыра хыҵны ицарц Украина бџьаршьҭыхла иақәлоит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Украина арбџьармчқәа донбасстәи ахьчаҩцәа рпозициақәа изныкымкәа ирылахысуан.
Донбасс аибашьра зылшо зегьы рҽеизыргарц рыларҳәеит
Ахҵәацәа зҭаз раԥхьатәи автобусқәа Ростовтәи аобласт ахь инеихьеит, уа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҷыдала рҽаздырхиахьеит.
Украинатәи амчрақәа ДЖәР-и ЛЖәР-и рҳәааҿы архәҭақәа реиҳарак наганы идыргылеит, уажәы-уажәы урҭ ирылахысуеит, рхы иадырхәоит ззин ыҟам атехникагьы. Донбасс аибарххара еиҳагьы амца ацразҵо Еиду аштатқәеи егьырҭ НАТО атәылақәеи роуп. Урҭ Украина абџьари арратә инструкторцәеи рыла еиқәнаршәоит. Москва изныкымкәа арегион бџьарла аиқәыршәара иаҟәыҵырц ааԥхьара ҟанаҵахьеит, уи амшала Киев ар ажәыларахь анашьҭра шагәанарԥхо азгәаҭо.
Аԥсны
Аҟәа азхиоуп Донбасс аибашьра ҵысуеит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ахҵәацәа рыдкылара