Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа азхиоуп Донбасс аибашьра ҵысуеит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ахҵәацәа рыдкылара

Флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Анапаҵаҩра
Украинатәи амчрақәа ДЖәР-и ЛЖәР-и рҳәааҿы архәҭақәа реиҳарак наганы идыргылеит, уажәы-уажәы урҭ ирылахысуеит, рхы иадырхәоит ззин ыҟам атехникагьы, аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла аҭагылазаашьа акыр еибарххахеит.
АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik. Аҟәа азхиоуп Донецктәи жәлар рреспубликеи (ДЖәР) Лугансктәи жәлар рреспубликеи (ЛЖәР) руааԥсыра рыдкылара арегион аҿы аҳәаақәа иахьрыԥну аҭагылазаашьа ахьшәарҭахаз азы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба идҵала иара ихаҭыԥуаа Авҭандил Сурманиӡеи Асҭамыр Ашәбеи Донецки Лугански рхадацәа ҭелла рыҽрымардеит, иагьрарҳәеит иаҭаххар, урҭ ареспубликақәа руааԥсыра рыдкылара ишазхиоу.
Донецки Лугански рхадацәа Алексеи Кулемзини Манолис Пилавови аԥснытәи рколлегацәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит ари аҩыза ахьрыдыргалаз.
Ахәаша жәабран 18 рзы Донецктәи Лугансктәи жәлар рреспубликақәа рхадацәа алаҳәара ҟарҵеит Урыстәылаҟа руааԥсыра хыҵны ицарц Украина бџьаршьҭыхла иақәлоит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Украина арбџьармчқәа донбасстәи ахьчаҩцәа рпозициақәа изныкымкәа ирылахысуан.
Ауааԥсыра атәыла ралгара иалагахьеит. Урыстәыла аиҳабыреи дареи еицәажәаны Ростовтәи аобласт аҿы ДЖәР-и ЛЖәР-и руааԥсыра ахьрыдыркылаша аҭыԥқәа алырххьеит, аҳәаахьчаратә ҭыԥқәа рҿы ирласны роужьразы аҭагылазаашьақәа аԥырҵахьеит.
Бойцы Народной милиции ДНР на линии соприкосновения - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
ДЖәР аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина Арбџьармчқәа "ацәаҳәа ҟаԥшь" иахысыр, аҭак роуеит ҳәа
Украинатәи амчрақәа ДЖәР-и ЛЖәР-и рҳәааҿы архәҭақәа реиҳарак наганы идыргылеит, уажәы-уажәы урҭ ирылахысуеит, рхы иадырхәоит ззин ыҟам атехникагьы. Донбасс аибарххара еиҳагьы амца ацразҵо Еиду аштатқәеи егьырҭ НАТО атәылақәеи роуп. Урҭ Украина абџьари арратә инструкторцәеи рыла еиқәнаршәоит. Москва изныкымкәа арегион бџьарла аиқәыршәара иаҟәыҵырц ааԥхьара ҟанаҵахьеит, уи амшала Киев ар ажәыларахь анашьҭра шагәанарԥхо азгәаҭо.
Ажәабжьқәа зегьы
0