Донбасс аибашьра зылшо зегьы рҽеизыргарц рыларҳәеит

© Sputnik / Максим Захаров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРепетиция парада Победы в Луганске
Репетиция парада Победы в Луганске - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аҭагылазаашьа акыр ишәарҭахеит, жәлар рреспубликақәа уажәы-уажәы адыррақәа ҟарҵоит Киеви дареи ирыбжьоу аинышәара Киев ишеиланаго.
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Зхала зхы ҳәынҭқарроуп ҳәа рылазҳәаз Донецктәи жәлар рреспубликеи (ДЖәР) Лугансктәи жәлар рреспубликеи (ЛЖәР) рхадацәа Денис Пушилини Леонид Пасечники аибашьра зылшо зегьы рҽеизыргарц азы аусԥҟақәа рнапы аҵарҩит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ареспубликақәа рхадацәа рофициалтә усԥҟақәа ааганы.
"Ԥхьатәара иҟоу сыуаажәлар зегьы арратә комиссариатқәа рахь инеирц аҳәара ҟасҵоит. Иахьа сара снапы аҵазҩит азеиԥш мобилизациазы аусԥҟа", - иҳәеит ДЖәР ахада Денис Пушилин авидеоааԥхьараҟны.
ЛЖәР ахада Леонид Пасечник инапы зҵеиҩыз амобилизациазы аусԥҟала, 18-55 шықәса зхыҵуа ахацәа ареспублика иалҵны ицар ҟалаӡом.
Флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Аҟәа азхиоуп Донбасс аибашьра ҵысуеит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ахҵәацәа рыдкылара
Ахәаша жәабран 18 рзы Донецктәи Лугансктәи жәлар рреспубликақәа рхадацәа алаҳәара ҟарҵеит руааԥсыра Урыстәылаҟа ихыҵны ицарц Украина бџьаршьҭыхла иақәлоит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны. Еиҳарак ари ззынархоу аҳәсеи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи роуп.
Асабша ауха Украина Арбџьармчқәа Донецктәи Лугансктәи жәлар рреспубликақәа рҿы ауааԥсыра реиланхарҭақәа жаба инареиҳаны ирылахысит.
Денис Пушилин аҳәамҭа ҟаиҵеит хара имгакәа Украина ахада Донбасс бџьаршьҭыхла дақәлоит ҳәа.
Бойцы Народной милиции ДНР на линии соприкосновения - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
ДЖәР аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина Арбџьармчқәа "ацәаҳәа ҟаԥшь" иахысыр, аҭак роуеит ҳәа
Ажәабжьқәа зегьы
0