Ҩаха-ҩымш рыла Урыстәылаҟа 34 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра хҵәаны ицеит

Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аимак аашықәса ацара иаҿуп, ари аамҭа иалагӡаны, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара адыррақәа рыла, иҭахеит 13 нызқьҩык ауааԥсыра, 44 нызқьҩык аахақәа роуит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. 33,8 нызқьҩык ауааԥсыра Лугансктәи жәлар рреспубликаҟынтәи ихҵәаны Урыстәыҟа ицеит иҳаҩсыз ҩаха-ҩымш рыла, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ЛЖәР атәылахьчара аштаб ажәақәа шьаҭас иганы.
"Жәабран 18 асааҭ 19:00 инаркны жәабран 20 асааҭ 18:00 рҟныӡа ЛЖәР-и Урыстәылеи рҳәаа иахысит 33 815 ауааԥсыра", - ҳәа аанацҳауеит ЛЖәР атәылахьчара аштаб ажурналистцәа ирынаҭаз адырраҭара.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны азхиоуп Донбасс арратәи агуманитартәи цхыраара аҭара
Уаанӡа адырра ҟалахьан Украина еибашьрала ирықәлоит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ЛЖәР-и ДЖәР-и аҳәсеи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи Ростовтәи аобласт ахь ртәыла ишалырго. ДЖәР ахада Денис Пушилин аҳәамҭа ҟаиҵеит хара имгакәа Украина ахада Владимир Зеленски Донбасс бџьаршьҭыхла дақәлоит ҳәа. Асабша ашьыжь ЛЖәР-и ДЖәР-и рхадацәа аҳәамҭа ҟарҵеит абџьар зкыр зылшо зегьы рҽеизыргарц азы.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа шәарҭахеит — Киев уаанӡа изеицықәшаҳаҭхахьаз зегьы мап рыцәкуа, ДЖәР-и ЛЖәР-и иареи рҳәааҿы архәҭақәа жәпакы аргылеит, убри ахыԥхьаӡараҿы иҟоуп зхархәара ҟамло атехникагьы.
Донбасс аибашьра зылшо зегьы рҽеизыргарц рыларҳәеит