АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гали Очамчыреи араионқәа рҿы аҵаратә процесс хацыркхоит жәабран 21 рзы.
Гал араион ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы Екатерина Габелиа лажәақәа рыла, жәабран 20 рызтәи аҭагылазаашьала аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рыбжьара ачымазара аӡбахә аӡәгьы иҳәом.
"Араион ашколқәа зегьы рҿы 15-ҩык арҵаҩцәеи 30-ҩык аҵаҩцәеи ачымазараҿкы рыдбалан. Уажәазы урҭ зегьы аҵарахьы аҭыҵра иазхиоуп", - лҳәеит лара.
Жәабран 21 рзы Очамчыра араион ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи ҭыҵуеит. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Артемон Габилаиа. Иахьатәи аамҭазы 13-ҩык арҵаҩцәеи 35-ҩык аҵаҩцәеи чмазаҩцәоуп.
Иааидкыланы Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи акарантин ахь иҟоуп ажьырныҳәамза анҵәамҭаахыс. Ашәахьа жәабран 21 инаркны Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аусура иалагоит, Гагра араион аҿы аҵараусбарҭақәа аркызаауеит жәабранмза нҵәаанӡа.