Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гали Очамчыреи араионқәа рҿы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи жәабран 21 рзы аусура иалагоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Пустой школьный класс
Пустой школьный класс  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Анапаҵаҩра
Гали Очамчыреи араионқәа рышколқәа рҿы акарантин рылаҳәан жәабран 9 инаркны акоронавирус алаҵәаразы аҭагылазаашьа ахьшәарҭаз азы.
АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гали Очамчыреи араионқәа рҿы аҵаратә процесс хацыркхоит жәабран 21 рзы.
Гал араион ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы Екатерина Габелиа лажәақәа рыла, жәабран 20 рызтәи аҭагылазаашьала аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рыбжьара ачымазара аӡбахә аӡәгьы иҳәом.
"Араион ашколқәа зегьы рҿы 15-ҩык арҵаҩцәеи 30-ҩык аҵаҩцәеи ачымазараҿкы рыдбалан. Уажәазы урҭ зегьы аҵарахьы аҭыҵра иазхиоуп", - лҳәеит лара.
Пустой школьный класс  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Ашәахьа Аҟәатәи ашколқәа акы ада егьырҭ зегьы рҵара хацдыркуеит
Жәабран 21 рзы Очамчыра араион ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи ҭыҵуеит. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Артемон Габилаиа. Иахьатәи аамҭазы 13-ҩык арҵаҩцәеи 35-ҩык аҵаҩцәеи чмазаҩцәоуп.
Иааидкыланы Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи акарантин ахь иҟоуп ажьырныҳәамза анҵәамҭаахыс. Ашәахьа жәабран 21 инаркны Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аусура иалагоит, Гагра араион аҿы аҵараусбарҭақәа аркызаауеит жәабранмза нҵәаанӡа.
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Гагра ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ркарантин иацырҵеит жәабранмза нҵәаанӡа
Ажәабжьқәа зегьы
0