Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ркарантин иацырҵеит жәабранмза нҵәаанӡа

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 50 нызқь инеиҳахахьеит, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 635-ҩык.
АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik. Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи акарантин жәабранмза 28 рҟынӡа иацырҵеит, абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит араион ахада Иури Хагәышь ҳәа аанацҳауеит Гагра акурорт Facebook адаҟьаҿы.
Гагра араион аҟны аԥкрақәа алагалоуп шәабран 1 инаркны. Аҵараусбарҭақәа акарантин ишьҭын акоронавирус чымазара аизҳара иахҟьаны.
Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи акарантин ишьҭын ажьырныҳәа 27 инаркны. Аҟәа акарантин ашьҭахь ашколқәа аатуеит ашәахьа жәабран 21 инаркны. Аԥсны егьырҭ араионқәа ашколқәа рыҟны акарантин ацҵара атәы макьаны ирымҳәаӡацт.
Ажәабжьқәа зегьы
0