Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара: Урыстәыла Киев ахымҩаԥгашьа иацыз ашәарҭара аҵыхәтәа ԥнаҵәоит

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, украинатәи анапхгара аашықәса ирылагӡаны Донбасс иршьит 14 нызқьҩык аҭынч уааԥсыра, шәҩыла ахәыҷқәа уахь иналаҵаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Урыстәыла арратә ҿагылара иаламгеит, уи хнаркәшоит ауп, уи алагьы Киев ахымҩаԥгашьа иацыз ашәарҭара аҵыхәтәа ԥнаҵәоит ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.
"Акәаԥ ргылатәын. Урыстәыла аганахьала киевтәи арежим иацыз ашәарҭара аанкылатәуп. Урыстәыла ус иагьыҟанаҵоит", - иҳәеит аинрал.
Конашенков иазгәеиҭеит, "Урыстәыла арратә ҿагылара иаламгеит, уи хнаркәшоит ауп" ҳәа.
Иара убас аинрал иҳәеит, Донецктәи Жәлар рреспублика арбџьармчқәа Мариуполь амацәаз аҭакра хнаркәшоит ҳәа.
Украина имҩаԥысуа иҷыдоу арратә аоперациа иалахәу иҟоу аиқәшаҳаҭрала аруаа заҵәык роуп ҳәа ациҵеит Конашенков.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла "Аиадертә триада" аҷаԥшьара мҩаԥысуеит еилазаара ӷәӷәала