Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла "Аиадертә триада" аҷаԥшьара мҩаԥысуеит еилазаара ӷәӷәала

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоенная техника перед ночной репетицией парада Победы
Военная техника перед ночной репетицией парада Победы - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигуи Аштаб хада аиҳабы Валери Герасимови рԥылараан адҵа ҟаиҵеит урыстәылатәи ар рҽынкыларатә мчқәа иҷыдоу аҷаԥшьарахь ииагазарц.
АҞӘА, жәабарн 28 - Sputnik. Астратегиатә хықхкы змоу аракетатә ар, Аҩадатәи аокеани Аокеанҭынчи рфлотқәа, авиациа хара еилазаара ӷәӷәала аҷаԥшьара мҩаԥыргоит ҳәа атәыла ахада Владимир Путин изеиҭеиҳәеит Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу. Абри атәы аҩуиет РИА Новости.
"Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистр, ар реинрал Сергеи Шоигу Урыстәылатәи Афедерациа ахада, Ар рыдҵаҟаҵаҩ хада В.В.Путин адырра ииҭеит идҵа инақәыршәаны астратегиатә хықәкы змоу аракетатә ар, Аҩадатәи аокеани Аокеанҭынчи рфлотқәа, авиациа хара еилазаара ӷәӷәала аҷаԥшьара мҩаԥыргоит ҳәа", - азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Тренировочные полёты пилотажной группы Соколы России в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла авиациа Украина аҳауатә ҵакыраҿы аԥыжәара амоуп
Урыстәыла ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымра азханаҵеит жәабран 21 рзы.жәабран 24 азы арҭ ареспубликақәа иҟарҵаз аҳәарала арратә операциа ҷыда иалаган.
Урыстәыла анаҩс Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0