АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Амилаҭбжьаратәи адинхаҵарабжьаратәи еизыҟазаашьақәа реишьаршәаларазы урыстәылатәи Ауаажәларратә палата акомиссиа ахантәаҩы Владимир Зорин ахәшьара ҳарак аиҭеит Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа реиҿкаара Алхратә комиссиа хадаҿы хәажәкыра 13 рзы имҩаԥысыз абрифинг аан.
"Алхрақәа жәларбжьаратәи астандартқәа, ареспублика алхрақәа рзы азакәан, иара убас ҳара ҳҿы реиҳа ԥхьагылара змоу ауаажәларраҿи аҳәынҭқарра-уаажәларратә институтқәеи рҿы иҟоу адемократиатә ҭахрақәа ирықәшәоит", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Зорин.
Иара иажәақәа рыла, алхратә ҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа еиҿкаан, иҭынчын.
Владимир Зорин ишиҳәаз ала, аделегациа алахәылацәа акандидатцәа рыгәрагаҩцәа, акомиссиақәа рхаҭарнакцәа, азинхьчаҩцәа уҳәа ирацәажәеит.
"Иубарҭан алхратә ҭыԥқәа рҿы акомиссиақәа аус ибзианы рыҽшазыҟарҵаз", - иҳәеит иара.
Аԥсны Апарламент - Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы алхратә ҭыԥ хадақәа 35, алхратә ҭыԥқәа 152 рҿы. АКХ адыррақәа рыла, алхрақәа реиҿкааразы ма аилагарақәа ҟалеит ҳәа аӡәгьы дмашшит.