Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Зорин Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥысшьа ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Владимир Зорин
Владимир Зорин - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рхылаԥшразы иааит Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа рҟынтәи анаԥшцәеи Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизараҟынтәи ахаҭарнакцәеи.
АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Амилаҭбжьаратәи адинхаҵарабжьаратәи еизыҟазаашьақәа реишьаршәаларазы урыстәылатәи Ауаажәларратә палата акомиссиа ахантәаҩы Владимир Зорин ахәшьара ҳарак аиҭеит Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа реиҿкаара Алхратә комиссиа хадаҿы хәажәкыра 13 рзы имҩаԥысыз абрифинг аан.
"Алхрақәа жәларбжьаратәи астандартқәа, ареспублика алхрақәа рзы азакәан, иара убас ҳара ҳҿы реиҳа ԥхьагылара змоу ауаажәларраҿи аҳәынҭқарра-уаажәларратә институтқәеи рҿы иҟоу адемократиатә ҭахрақәа ирықәшәоит", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Зорин.
Иара иажәақәа рыла, алхратә ҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа еиҿкаан, иҭынчын.
Владимир Зорин ишиҳәаз ала, аделегациа алахәылацәа акандидатцәа рыгәрагаҩцәа, акомиссиақәа рхаҭарнакцәа, азинхьчаҩцәа уҳәа ирацәажәеит.
"Иубарҭан алхратә ҭыԥқәа рҿы акомиссиақәа аус ибзианы рыҽшазыҟарҵаз", - иҳәеит иара.
Константин Затулин - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Константин Затулин: Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ишақәнагаз имҩаԥысит
Аԥсны Апарламент - Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы алхратә ҭыԥ хадақәа 35, алхратә ҭыԥқәа 152 рҿы. АКХ адыррақәа рыла, алхрақәа реиҿкааразы ма аилагарақәа ҟалеит ҳәа аӡәгьы дмашшит.
Ажәабжьқәа зегьы
0