Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Константин Затулин: Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ишақәнагаз имҩаԥысит

© Sputnik / Томас Тхайцук Константин Затулин
Константин Затулин - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит асабша хәажәкыра 12 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апарламент ахь алхрақәа рзы гәынамӡара ҳамам иҳәеит Урыстәылантәи анаԥшҩы, Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла (ИАР) аусқәеи,, евразиатә аинтеграциеи, аџьанџьуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин АКХ аҿы апресс-конференциа аан..
"Аԥсны атәылауаа ирыдсныҳәалар сҭахуп Апарламент ахь алхрақәа актәи ртур ахьхыркәшахаз. Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа алхратә ҭыԥқәа 18 ирҭааит. Амш ахьыцәгьаз иахәамԥшкәа, ауаа ргәалаҟара бзиан, ҳаҭырқәҵарала зегь мҩаԥысит", - иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарратә Думаҟынтәи анаԥшцәа алахәын Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа адгыларазы хәажәкыра 11 рзы имҩаԥысыз амитинг ҳәа азгәеиҭеит Затулин.
"Ҳара ҭабуп ҳәа ҳҳәоит Аԥсны Урыстәыла имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда Аԥсуа жәлар ахьадгыло", - иҳәеит Константин Затулин.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа шьақәгылеит 35 алхратә ҭыԥ хадақәа зегьы рҿы
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа асааҭ 20:00 рызтәи ауаа рааишьеи заанаҵтәи рылҵшәақәа рыларҳәоит хәажәкыра 13 асааҭ 12:00 рзы.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Анаԥшцәа Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа еилыкка, адемократиатә ҟазшьа рымоуп ҳәа ахырҳәааит
Ажәабжьқәа зегьы
0