Аԥсны

Аҟәа агәы фымцалашарада иаанхеит акабель ахьыԥхасҭахаз азы

Ф-сааҭк инареиҳаны алашара ыҟаӡам аҳҭнықалақь аҿы Аиааира апроспекти Сахаров, Гәлиа, Воронов рымҩақәеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Аҟәа агәы фымцалашарада иҟоуп акабель аҿы иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
Иара иажәақәа рыла, аремонттә усурақәа мҩаԥысуеит, урҭ амш ахы-аҵыхәала ихыркәшахароуп.
Жәабран 7 инаркны Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәреи Урыстәылантәи иаауа афымцамчхара амаҷреи ирыхҟьаны афымца анашьҭразы Аԥсны зегь аҿы иалагалаз аԥкрақәа иахьа уажәраанӡа амч рымоуп.
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы ҽынла алашара арцәара еиҭалагоит