Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Сергеи Лавров RT иеиҭаз аинтервиу: ихадоу

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ателеканал RT аинтервиу аиҭеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Мраҭашәара Урыстәыла аганахьала ԥхьаҟагьы асанкциақәа ирыцнаҵалашт, аха Урыстәыла уи иашьцылахьеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, ателеканал RT аинтервиу аҭо.
"Асанкциақәа рықәыӷәӷәара иацырҵоит, уажәы еиҭаҳақәмақаруеит. Аха уи ҳара ҳзышьцылахьоу ауп", - иҳәеит Лавров.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Урыстәыла шыҟоу иаанхарц": Владимир Путин ивидеоконференциа

Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәеи Мраҭашәара аполитикеи

Сергеи Лавров инаҵшьны иазгәеиҭеит Мраҭашәара Урыстәыла аҿиара иаԥырхагахарц азы зеиԥш ҟамлацыз ақәыӷәӷәарақәа Москва иазнауеит ҳәа.

"Уажәазы Украина иаабо мраҭашәаратәи астратегиатә курс ахи-аҵыхәеи роуп. Дара ирҭаху Урыстәыла маргинал ҳасабла аҿиара ԥкны, уаҳа еизҳашьа амоуа, адунеитә политика, аекономика, аспорт, ахәаахәҭра, аҟазара, аҭҵаарадырра, аҵарадырра рҿы Урыстәыла рольк амамкәа аҟаҵароуп. Уажәы иаҳбоит мраҭашәаратәи ҳколлегацәа ҽаамҭанык иеиԥшымкәа абри аганахьала иҟарҵо ашьаҿақәа", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Убри аан иара иазгәеиҭеит Урыстәыла иаҿагыло Мраҭашәара асанкциақәа атәыла еиҳагьы ишдырӷәӷәо. Урыстәыла иадҟаҵалоуп хә-нызқь инареиҳаны хазы игоу ауааԥсыра рзы асанкциақәа. Ари рекордуп абри аганахьала.
"Асанкциақәа аҵыхәтәантәи рраунд ииашаҵәҟьаны зеиԥш ҟамлацыз аҟазшьақәа рымоуп. Ҳхада (Владимир) Путин ишиҳәаз ала ҳара иҳадгалоу асанкциақәа рхыԥхьаӡарала ҳ-чемпионцәахеит. Ари ҩынтәны еиҳауп КЖәДР-и Ирани ирыдҟаҵалаз аасҭа", - иҳәеит Лавров.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин аоперациа ҷыда Урыстәыла ахыхьчаразы иакзаҵәыкны иҟоуп иҳәеит
Урыстәыла ААР ахада иажәақәа рыла, атәыла иахьа ахы иақәгәыӷроуп, ирықәгәыӷроуп иаанхаз аҩызцәаҵәҟьа. Мраҭашәараз уаҳа гәыӷырҭак ыҟам.
"Ҳара акгьы ҳахьӡом. Атәыла ахадеи аиҳабыреи аус здыруло ауснагӡатәқәа рылаҳәахоит. Ари ҳекономикатә курс ариашараз, аҭагылазаашьа анышәараз раԥхьатәи шьаҿақәоуп. 2014 шықәсазы ҳара иҳауит аԥышәа. Уи иаҳнаҭоит алшара ҳхы ҳақәгәыӷыртә аиԥш. Уи адагьы ари аҭоурыхтә аамҭазы ирҵагоуп. Ҳәарада, иахьатәи аамҭеи 2014 шықәсеи узеидкылом. Иахьа ҳара мраҭашәаратәи ҳпартниорцәа рыгәрагь ҳазгом, ҳагьрықәгәыӷуам ", - иҳәеит Лавров.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Украина анеитралтә статус аҭара ауп хықәкыс иамоу Урыстылеи иареи реиҿцәажәарақәа
Аминистр иазгәеиҭеит ЕАА хырхарҭазаҵәыкла ишьақәгылоу, еиҳа амч змоу иахьимҵакәашо адунеи аиҿкаара рҭахуп ҳәа. Убри аан зегь ргәы рҽаниҵеит ЕАА аҿаԥхьа Урыстәыла ахаангьы ахы шыланамырҟәуа.
Аминистр игәаанагарала, америкаа амчрақәа еидыркылоит дара рхатәы интересқәа рышьаҭала. Уи ус шакәу аадырԥшуеит "ихьыԥшым џьызшьо" Евроеидгылеи НАТОи.
"Аха адунеи аҿы иҟоуп Америкатәи ашериф инапаҵаҟа иҟалар зҭахым "ахәмарыҩцәагьы" – Китаи, Индиа, Бразилиа, Мексика. Агәра згарц сҭахуп арҭ атәылақәа Сем идҵақәа рынагӡаразы еибарыҩуа иԥыларым ҳәа", - азгәеиҭеит Сергеи Лавров.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Косачев: Урыстәыла имҩаԥнаго арратә операциа Адунеизегьтәи ахԥатәи аибашьра еиԥнарҟьеит

Украинатәи аҭагылазаашьа

Урыстәыла ААР ахада игәаанагарала, Украина ахада Владимир Зеленски дақәгәыӷуеит ЕАА Аконгресс Америка ахада Џьо Баиден еиҳагьы Урыстәыла даҿадыргылап ҳәа.
Уаанӡа Пентагон ахада Ллоид Остин аҳәамҭа ҟаиҵахьан америкатәи ар Украина Урыстәыла иабашьӡом ҳәа. Зеленски ииҭаху аԥырра ахьыҟам азона аибашьрахь икылнагоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аоперациа ҷыда иаалагазар, Урыстәыла Арбџьармчқәа 1400 танк ҭадырхахьеит
"Иара убри аан Зеленски еиликаауеит ЕАА еиҳа зҭакԥхықәра лаҟәу аполитикцәагьы шыҟоу. Урҭ аурысцәымӷра аладырҵәоит. Урҭ аконгресс аҿгьы иуԥылоит. Ишыжәдыруеиԥш, дара аамҭа-аамҭала Урыстәыла иақәыӡбо, иақәмақаруа арезолиуциақәа рыдыркылалоит. Сгәанала, Зеленски урҭ дрықәгәыӷуеит абри аус аҿы", - ҳәа иҳәеит Лавров, иагьазгәеиҭеит Киев ишазымҵәахуа ЕАА-и НАТО-и Украинатәи аимак иаларгалар шырҭаху, аԥыррадатә зона аҟалара рыҽшазыршәо.
Аха убри аан, Украина бџьарла аиқәыршәаразы иаарышьҭуа аидарақәа зегьы Урыстәыла закәаншьаҭала икарыжьыр алшоит иҳәеит Сергеи Лавров.

"Ҳара иаартны иаҳҳәеит Украина аҵакырахь иааиуа, абџьар мҩаныргоит ҳәа агәаанагара ззыҟало – ҵәҟьарахоит. Ари зегьы еилыркаароуп", - иҳәеит Лавров.

Иара убасгьы иҳәеит егьырҭ атәылақәа рҟынтәи С-300 Украинаҟа рнагара иагьалшом, иагьзакәаным ҳәа.
"Аракетаҽацәыхьчара атема акәзаргьы, апрагматизмра злоу амзызқәа рыла дара ргәы иаанагоит асовет аамҭақәа раан иҭрыжьыз асистемақәа рырҭарц НАТО атәылақәа ирыҳәар ауеит ҳәа. Ари аидеиа зхахьы иаазгарц зҭаху атәылақәа зегьы ргәы рҽанысҵоит асоветтә системақәеи урыстәылатәи асистемақәеи ртәылақәа рҿы ишыҟоу аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, ахархәаҩ исертификат рыманы. Уи асертификат дара ахԥатәи атәылақәа рыҭара азин ҟанаҵаӡом", - ҳәа иҳәеит Лавров RT аҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Басурин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ишеиҿнакааз Донбасс ажәҩан аҿы аԥырра ахьыԥку азона
Лавров иҳәеит Москва ишаҭаху Урыстәылеиԥш Украинеи Европа зегьы ази ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа роура.
"Аоперациа ахықәкы – аашықәса рыҩнуҵҟа зшьа каҭәоз ауааԥсыра рыхьчароуп, Украина абџьархыхроуп, уаҳа аханатә украинатәи адгьыл аҟынтәи шәарҭарак ахы цәырнамгарц ауп, Украиназ, Урыстәылаз, Европа зегьы аза ишәарҭамхарц ауп", - иҳәеит иара аинтервиу аҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Захарова: украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа румҭақәа иахьырхәхоит

Украина иҟоу абиолабораториақәа

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәеит Украина Пентагон азы абиолабораториақәа ахьаԥырҵо проект дуны иҟоуп ҳәа.

"Иҟалап, Украина Пентагон агәаанагарала, арҭ алабораториақәа ахьаԥырҵо проект дузар", - иҳәеит Лавров.

Иара иажәақәа рыла, арҭ алабораториақәа рҿы аҿкырақәа аус рыдырулон, аекспериментқәа рыдҟарҵалон. Урыстәыла изныкымкәа ари азҵаара жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҿаԥхьа ицәырнагахьан. Убас, абиологиатә бџьар мап ацәкразы Аконвенциа атәыла-лахәылацәа ирыднагалахьан зегьы еицырзеиԥшу амеханизм аус адыруларц.
Лавров иазгәеиҭеит Урыстәыла арра-биологиатә усура аҭҵаара мҩаԥгазарц. Аминистр иазгәеиҭеит америкаа адунеи атәылақәа жәпакы рҿы 300 рҟынӡа лабораториа шрымоу, урҭ рыбжак Урыстәыла аҳәаақәа ишырцәыхарам.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара Украина абиобџьар аус шадырулоз аазырԥшуа ашәҟәқәа акьыԥхьит