Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла атәылахьчара Украина абиобџьар аус шадырулоз аазырԥшуа ашәҟәқәа акьыԥхьит

© Sputnik / Алексей МайшевСотрудник научного центра "Функциональные микро/наносистемы"
Сотрудник научного центра Функциональные микро/наносистемы - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2022
Анапаҵаҩра
Аусбарҭа адыррақәа рыла, Харрков, Киев, Львов, Одесса иҟоу алабороториақәа рҟны арра-биологиатә проектқәа рынагӡаразы Вашингтон иазоунажьит 32 милл доллар.
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Америкеи Украинеи абиологиатә бџьар аԥҵаразы русеицура зыршаҳаҭуа ашәҟәқәа ауаажәларра рахь ицәырыргеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара рыр аиҳабы, аинрал­-леитенант Игорь Кириллов иажәақәа шьаҭас иганы.
"Украина-америкатәи апроектқәа рынагӡара ианаҿыз аамҭазы аҵарауаа иалыркааит ф-хкык авирусқәа, уахь иаҵанакуеит акоронавирусқәа, ачымазара зырҵызуа абактериақәа х-хкык- аеман, аҵәыбзы, алептоспироз", - иҳәеит Кириллов.
Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭала, ЕАА рфинанстә цхыраарала аҵарақәа рҟынтәи ауаҩы иахь ииасуаз аҿкчымазарақәа аларҵәаразы апроектқәа нарыгӡон, иаарԥшу ашәҟәқәа рыла иубарҭоуп, украинатәи аҵарауаа арҭ аҵарақәа Урыстәыла аҵакырахь иԥрырц ишашьклыԥшуаз.

"Аусбарҭаҿы иара убасгьы иазгәарҭеит, ахәылԥҵысқәа рҟынтәи ачымазарақәа ауаа рахь ииасыр зылшо азы аҭҵаарақәа шеицымҩаԥыргоз Харькови Қырҭтәыла иҟоу Лугара ацентри. Ари апроект хацыркын апандемиа аламҭалазы 2019 шықәса жьҭаарамзазы."

Кириллов иажәақәа рыла, америкатәи арратә биологцәа украинатәи абиолабораториақәа рызҿлымҳара азкын, иҭырҵаауаз ачымазарақәеи урҭ зырҵысуази- Конго- крымтәи агемморагиатә арыхьҭашьра, лептоспироз, хантавирус ԥсабарала ирхыҵхырҭоуп Украинеи Урыстәылеи, убри аҟнытә ачымазарақәа ԥсабарала ицәырҵуазшәа иҟаҵаны абиобџьар ахархәара аиур алшон.
Ажәабжьқәа зегьы
0