Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҿы аамҭа-аамҭала алашара дырцәалоит афымцацәаҳәа иаиуз аԥхасҭа иахҟьаны

Аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" аԥхасҭа аиуит хәажәкыра 22 ауха.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Гәдоуҭа араион аҿы афымцалашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" иаиуз аԥхасҭа аԥырхаанӡа, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" хәажәкыра 9 рзы аԥхасҭа анаиуз, Гәдоуҭа араион аҿы аамҭа-аамҭала алашара дырцәон - ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк. Усҟан авариа адырҩаҽны аҭыԥ иқәҵан.
Аԥсны
Аҳауатә фымцацәаҳәа "Калдахәара" еиҭашьақәыргылоуп