Аԥсны

Бжьаниеи Козаки аенергетика азҵаареи Аинвестпрограмма анагӡареи ирылацәажәеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Москва еиԥылеит хәажәкыра 25 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аслан Бжьаниеи Дмитри Козаки реиԥылараҟны аенергетика азҵаареи, Анвестпрограммала ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа рынагӡареи, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхраареи ирылацәажәеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Уи ашьҭахь атәыла ахада диԥылеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.ԥуаҩ Александр Новак. Дара Аԥсны газлеи фымцамчлеи аиқәыршәара, иара убасгьы анефҭаалыҵқәа рыхәԥсашьақәыргылара азҵаара иалацәажәеит.
Аԥсны
Бжьаниеи Новаки Аԥсны газлеи фымцамчлеи аиқәыршәара иалацәажәеит
Уи ашьҭахь Атәыла ахада диԥылеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит хәажәкыра 23 рзы. Ари 2022 шықәсазтәи Урыстәылаҟа раԥхьатәи усутә ныҟәароуп, уи аԥхьа усутә ныҟәарыла Урыстәыла дыҟан иҳаҩсыз ашықәсазы ҭагалан.
Аԥсны
Хҭак аицҭаршәра: Лаврови Бжьаниеи злацәажәоз