Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хҭак аицҭаршәра: Лаврови Бжьаниеи злацәажәоз

© Sputnik / Марианна Кубрава Листок и ручка
Листок и ручка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысит хәажәкыра 25 рзы Москва.
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни шеиныруа, иахьа адунеижәларбжьаратә еизыҟазаашьақәеи аҭагылазаашьақәеи аныуадаҩу, хҭак иахьеицҭадыршәуа аҵакы шамоу.

"Шәареи ҳареи Москва ҳаиԥыларақәа иахьазы аҵак ду рыманы иҟоуп, избанзар еиҩызцәак рыҳасабала адунеижәларбжьаратә еизыҟазаашьақәеи аҭагылазаашьақәеи аныуадаҩу, хҭак иахьеицҭаҳаршәуа аҵакы аманы исшьоит", - иҳәеит Лавров.

Иара иазгәеиҭеит Мраҭашәара адунеи зегь ампыҵахаланы, иахьабалак дара аԥыжәара рымазарц азы иҟарҵо аҽазышәарақәа ирыхҟьеит иахьа аҭыԥ змоу аибарххара ду.
"Ҳәарада, ус иҟалараны иҟам, аха иахьазы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа акыр еибарххоуп. Аԥсны назлоу ҳадгылаҩцәеи ҳареи ари аҿагылара аҳамҭар залшом", - ҳәа иҳәеит иара.
Лавров ахәшьара ҳарак аиҭеит Аԥсны Донбасс ареспубликақәа ахьазханаҵаз.
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны
Лавров иҳәеит Урыстәыла Аԥсни, ДЖәР-и, ЛЖәР-и реинырра ишацхраало
"Аԥсны Донецктәи Жәлар Рреспубликеи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рхьыԥшымра ахьазханаҵаз ахә ҳаракны ҳшьеит, Аԥсни, ДЖәРи, ЛЖәРи реинырра аҿиара ҳацхраалоит. Сгәанала, ари азеиԥш геополитикатә ҵакыраҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иацхраауаны избоит", - ҳәа иҳәеит Лавров.
Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит Урыстәыла ишамоу алшара Аԥсны адунеитә еилазаараҿы азакәантә ҭыԥ аанкылараҿ ацхраара аҭаразы.
Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсны шадгылоу Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда.
"Аԥсны ауааԥсыра реиҳараҩык ииашаны еилыркаауеит аоперациа ҷыда ада ԥсыхәа шыҟамыз", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.
Флаг Абхазии и России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны
Лавров: Урыстәылеи Аԥсни рполитикатә диалог агәахәара ҳнаҭоит
Иара иҳәеит Аҟәа ишымҩаԥысыз аоперациа ҷыда иадгылоз зықьҩыла ауаа злахәыз амитинг, изныкымкәа Донбасс ареспубликақәа рыхьӡала агуманитартә цхыраара шыҟаҵаз, иахьагьы уантәи ахҵәацәа Аҟәа ишыҟоу, урҭ хаҭала иареи иԥшәмаԥҳәыси шырҭаахьоу.
Бжьаниа иҳәеит дшазыхиоу Атәылахьчара аминистрреи амаҵзура ҷыдақәеи рганахьала ацхыраара.

"Аԥсны ажәлар зегь рыхьӡала даҽазныкгьы агәра шәсыргар сҭахуп иашьаратә жәларык рыҳасабала иҳалшо акагьы ҳшацәхьамҵуа аҭагылазаашьа аҵыхәтәахь анагаразы. Абри аганахьала шәҳақәгәыӷыр шәылшоит", - иҳәеит Аԥсны ахада.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп. Хәажәкыра 25 рзы иара диԥылеит Урыстәыла аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Александр Новак.
Ажәабжьқәа зегьы
0