Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшоуп

Асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа Аҟәеи Аԥсны араионқәеи рҟны иҟоу 69 алхратә ҭыԥқәа аартын.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшоуп.
Абжьыҭаразы алхратә ҭыԥқәа аартын асааҭ 8:00 рзы асабша хәажәкыра 26 рзы. Зынӡа иаартын 17 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҟны 69 алхратә ҭыԥқәа. Аԥсны АКХ асааҭ 14:00 рзы иамаз адыррақәа рыла рыбжьы, арҭахьан 30% алхыҩцәа. Аилагарақәа азгәаҭамызт.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55
Азакәан инақәыршәаны, бжьы заҵәык ала еиҳахаз акандидат даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп. Абжьыҭара инеираны иҟоуп ҳәа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иазԥҵәоу ыҟаӡам.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. 35 ҭыԥ рзы иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа. 17 алхратә ҭыԥ хадақәа рахь адепутатцәа алхуп, даҽа 17 рҿы аҩбатәи атур мҩаԥысуеит, Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы лаҵарамза 14 рзы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.