Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Алхырҭатә ҭыԥ хада №18 аҿы адепутатрахь кандидатк иаԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаргалеит

2022 шықәса лаҵарамза 14 рзы Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы акандидатцәа аӡәгьы аиааиразы изхаша абжьы ахьимоуз азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Аԥсны АКХ аҿы алхырҭатә ҭыԥ хада №18 аҿы акандидат Лакербаиа Леонид адепутатрахь иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаргалеит.
Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы лаҵарамза 14 рзы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы акандидатцәа аӡәгьы аиааиразы изхаша абжьы ахьимоуз азы.
Аҩбатәи ахәҭа: Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа шымҩаԥысыз
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. Алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҿы 17-ҩык адепутатцәа алхын, даҽа 17 рҿы хәажәкыра 26 рзы аҩбатәи атур мҩаԥысит. 16 ҭыԥ хада рҿы алхрақәа шьақәгылеит. Аҟәа, алхратә ҭыԥ хада № 8 (Алашарбага) адепутатрахь акандидатцәа еиҟараны абжьы роуит. Убри аҟнытә ари аҭыԥ хадаҿы даҽа ҩымз рышьҭахь алхрақәа мҩаԥгахоит.