Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ЕАА Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны рыӷбақәа Амшын еиқәа аҟынтәи иҭыргеит

2021 шықәса анҵәамҭазы НАТО Урыстәыла аҳәаақәа акыр рҽырзааигәартәит. Амшын еиқәа аҳауатә ҵакыраҿы алианс аԥшыхәратә ҳаирпланқәа рыԥырра аҽаррацәеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. ЕАА Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны рыӷбақәа Амшын еиқәа аҟынтәи иҭыргеит, макьаназ ианыхынҳәуа ҳәа ҿҳәаракгьы рымҳәацт ҳәа иҳәеит Пентагон аофициалтә хаҭарнак Џьон Кирби, ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Кирби иҳәеит америкатәи акомандаҟаҵаҩцәа урыстәылатәи аоперациа ҷыда ишалагоз анеилыркаа аимак ишалахәым зегьы ирбарц азы асеиԥш ахәҭаны иршьеит ҳәа.

"Ҳара аамҭа-аамҭала Амшын еиқәа аӡқәа ҳарҭалоит, ҳрҭыҵуеит. Иџьоушьаша акгьы ыҟма. Ҳаӷбақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ара иҟаӡам", - ҳәа иҳәеит ЕАА Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак.

Кирби иҳәеит аӷбақәа аныхынҳәуа азы макьаназ акгьы шизымҳәо. Ари аҩыза аӡбра рыдыркылоит ЕАА амилаҭтә шәарҭадара иаҿырԥшны.
Украина арратә операциа ҷыда иалаган жәабран 24 рзы Донбасс ауааԥсыра рыхьчаразы. Хәажәкыра 25 азтәи аҭагылазаашьала урыстәылатәи аган аоперациа актәи ахәҭа аусдҵақәа нанагӡеит – Украина аибашьратә лшара акыр иладырҟәит. Урыстәылатәи ар рыдгыларала ДЖәРи ЛЖәРи ажәылара мҩаԥыргоит.
Аексперт ЕАА Амшын еиқәаҿы ахымҩаԥгашьа амч аарԥшроуп иаанаго ҳәа ахиҳәааит