Аԥсны

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аҳҭнықалақь амҩақәа рыхьӡқәа реиҭакшьа аԥсахрақәа аларгалеит

Мышқәак раԥхьа Аҟәатәи ақалақьтә еизара аҳҭнықалақь амҩақәа ҩба - Сахаров имҩеи Шотландтәи амҩеи рыхьӡқәа ԥсахны Гиви Агрбеи Владимир Аршбеи рыхьӡқәа рхырҵеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа аҳҭнықалақь амҩақәа, апроспектқәа, абжьысырҭақәа, абжьаларҭақәа ахьӡқәа рыхҵареи рыԥсахреи рыԥҟарақәа аиҭакрақәа аларгалеит, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ахадара асаит.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара мшаԥы 7 рзы имҩаԥыргаз аилатәараан ирыӡбеит аизараҿы иаԥҵазарц арҭ азҵаарақәа ҭызҵаало ауаажәларратә комиссиа.
Аҳҭнықалақьтә еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа иажәақәа рыла, наҟ-наҟгьы амҩақәа рыхьӡқәа рыԥсахра алыршахоит ауаажәларратә комиссиа алкаа аныҟанаҵалак ашьҭахь.
Амҩақәа рыдагьы, арахь иаҵанакуеит Аҟәа апаркқәа, аскверқәа, абульварқәа, ашҭақәа ахьӡқәа рыҭареи рыԥсахреи, иара убас агәаларшәагатә ҭыӡқәа ркыдҵареи азҵаарақәа.
Акомиссиа иалалоит ахадара ахаҭарнакцәеи ақалақь адепутатцәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәеи аҵарауааи.
Аԥсны
Ауаажәларратә палата аҟәатәи амҩақәа рыхьӡқәа рхыхразы ажәалагала иадымгылеит
Уи аԥхьа Аҟәа ақалақьтә еизара адырра ҟанаҵеит аҳҭнықалақь амҩақәа ҩба рыхьӡқәа шырԥсахуа азы. Сахаров ихьӡ зхыз иахырҵаран иҟан аинрал Аршба ихьӡ, Шотландиатә амҩа - аинрал Агрба ихьӡ. Ари аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны Атәылахьчара аимнистрреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, иара убас аветеранцәеи ауаажәларреи реиҿкаарақәаки иҟарҵаз аҳәарала.
Аха ауааԥсыра рыбжьара ари аӡбамҭа иақәшаҳаҭымхазгьы ҟалеит. Ҷыдала иааугозар, Аԥсны Ауаажәларратә палата уаанӡа ирхыз ахьӡқәа ҳаԥсадгьыл азы аҭоурыхтә ҵак ду шрымоу азгәаҭо ирызныжьны, аинралцәа хьӡырҳәагақәа рыхьӡқәа аҳҭнықалақь аҿы иҟоу даҽа мҩақәак рыхьӡ рыхҵатәуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Ақаҩба: Шотландиа аҭыԥ ахь идырхынҳәит Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа