АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik, Бадри Есиава. 2017 шықәса абҵарамзазы Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәаҩ Ҭамара Беручашвили Британиа ду аиҳабыра рахь адҵа ҟалҵеит Килмарнок ақалақь аҿы Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара иазку абаҟа ықәыргарц. Уажәы аҭыԥ ахь идырхынҳәит Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.
"Абаҟа аҭыԥ ахь ирхынҳәуп ишыҟаз еиԥш еицакрада. Ииасыз Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ҳара ари азҵаара шьҭаҳхит. Аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа адырра ҳарҭеит дара Британиа ду Адәныҟатәи аусқәа рминистрра рыҽрымаданы ишеицәажәаз. Абри ашьҭахь абаҟа аҭыԥ ахь ԥсахрада ирхынҳәуп", — иҳәеит Ақаҩба.
Аминистр иазгәеиҭеит ақырҭуа уаажәларратә еилазаараҿы ари ахҭыс разнеишьы еиԥшымызт ҳәа. Уи аныԥшуан асоциалтә ҳақәа рҟны ацәажәарақәа рымҩаԥысшьа.
Аԥсны аибашьра ашьҭахь Шотландиатәи ақалақь Килмарнок аҟны Агәалашәара апарк аҿы иаартын аԥсуа еибашьцәа рбаҟа – амемориал.
2017 шықәса абҵарамзазы Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәаҩ Ҭамара Беручашвили Британиа ду аиҳабыра рахь адҵа ҟалҵеит Килманрок ақалақь аҿы Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара иазку абаҟа ықәыргарц.