Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Алхырҭатә ҭыԥ №8 аҟынтә акандидат иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ашәҟәы иҭарҩит

Уажәаԥхьа 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟынтә адепутатрахь акандидат Иракли Чачхалиа иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭагалан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны 8-тәи (Алашарбагатәи) алхырҭатә ҭыԥ аҟынтә адепутатрахь акандидатцәа Ҭемыр Кәакәасқьыри Наур Нарманиеи раԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭаргалеит.
Аҟәа 8-тәи алхырҭа ҭыԥ хада аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит аҩбатәи атур аҿы акандидатцәа абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны. Аиҭалхра мҩаԥгахоит лаҵара 28 азы.
Аԥсны
Алхырҭатә ҭыԥ №8 аҟынтә акандидат иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭагалоуп
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы, усҟан иалхын 17-ҩык адепутатцәа, 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥган хәажәкыра 26 рзы.
Алхрақәа рылҵшәақәа рыла, абжьыҭара шьақәгылеит алхратә ҭыԥқәа 16 рҟны, Алашарбагатәи аабатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит иқәгылаз акандидатцәа Наур Нарманиеи Леон Гәбази алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны.
Гәдоуҭатәи 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит лаҵара 14 азы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Бжьаниа Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара адепутатцәа русураз ҭабуп ҳәа реиҳәеит