Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алхырҭатә ҭыԥ №8 аҟынтә акандидат иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭагалоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Анапаҵаҩра
Алхрақәа рзы АКХ имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа инарықәыршәаны аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи рҭаҩра мҩаԥгахоит мшаԥы 8 инаркны 28 рҟынӡа.
АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Адепутатрахь 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟынтә акандидат Иракли Чачхалиа иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭагалоуп ҳәа аанацҳауеит АКХ апресс-маҵзура.
Аҟәа 8-тәи алхырҭа ҭыԥ хада аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит аҩбатәи атур аҿы акандидатцәа абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны. Аиҭалхра мҩаԥгахоит лаҵара 28 азы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы, усҟан иалхын 17-ҩык адепутатцәа, 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥган хәажәкыра 26 рзы.
Алхрақәа рылҵшәақәа рыла, абжьыҭара шьақәгылеит алхратә ҭыԥқәа 16 рҟны, Алашарбагатәи аабатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит иқәгылаз акандидатцәа Наур Нарманиеи Леон Гәбази алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны.
Гәдоуҭатәи 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит лаҵара 14 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0