АҞӘА, мшаԥы 16-Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа Гәлиа имҩаду аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭарц даҭаан ибеит мшаԥы 16 азы, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада исаит.
Гәлиа, Џьонуа, Абазақәа рымҩа - арҭ ах-мҩак реиҭашьақәыргылараз аусурақәа ирылагеит ҩышықәса раԥхьа. Аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахада Ҭемыр Агрбеи аҳәынҭқарра ахада изеиҭарҳәеит, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшарахь ишнеиуа. Аусурақәа цонаҵы уаанӡа иқәыз акаҭран ықәганы ҿыц аԥслымӡ ҭаԥсаны иҟарҵеит, уажәы акаҭран ҿыц ақәҵара иаҿуп.
Еиҭашьақәдаргыло амҩақәа 1250 метра иҟоуп, абиуџьет аҟынтә иазоужьуп 55 миллион мааҭ. Уи аҟынтәи 26 миллион мааҭ акаҭран ақәҵареи ацәхыԥқәа рышьҭаҵареи иазоужьуп, 29 миллион мааҭ 16 нызқь ԥшьаркца иҟоу ақәаршҩыцарҭатә коллекторқәа шьҭарҵароуп.
Ешба иажәақәа рыла, аусурақәа цонаҵы Гәлиа имҩаду аҟны иԥсахын аӡымҩангагатәи ацрыӡцарҭатә цәаҳәақәеи, ишьақәаргылан аҵеиџьқәа.
Арҭ амҩақәа рҿы ақәаршҩыцарҭатә коллекторқәа ҟазҵо, акаҭран ықәызҵо аилахәыра "Аԥснырегионргылара" ауп. Аҿаҵаҩы - Акапиталтә ргылара аусбарҭа. Аусурақәа ирхылаԥшуеит Аҟәа ахадара.