Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахада Аҟәатәи амҩақәа рремонт зеиҵахаз атәы иҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Ремонт дорожного полотна
Ремонт дорожного полотна  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Анапаҵаҩра
Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахада Ҭемыр Агрба Аҟәатәи амҩақәа рремонт зеиҵахаз атәы иҳәеит Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.
Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩа реиҭашьақәыргылара 2020 шықәсазы иалагеит. Аусурақәа рхыркәшара азԥхьагәаҭан 2021 шықәса анҵәамҭаз, ақәаршыҩцарҭа аколлекторқәа ԥсахны, акаҭран ықәҵаны, ацәхыԥқәа ықәыргыланы.
Ремонт дорог - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Аԥсны
Аҟәа Лакоба имҩа ахәҭак адыркуеит аҩаша хәажәкыра 22 рзы
Аусурақәа рзы аматериал ааргон Очамчыратәи акаҭрантә зауад аҟынтәи ҳәа иҳәоит Ҭемыр Агрба, аха азауад лашарала аиԥҟьара иахҟьаны аалыҵ иҭнажьуаз ахаҭабзиара лаҟәит.

"Уи ауп изыхҟьаз Гәлиа имҩаҿы Апрокуратура хада аҿаԥхьа иқәырҵаз акаҭран аԥхьатәи аҿысҭа зеимышәшәаз. Уи азы азауад аҿы аҭагылазаашьа еиҭакхаанӡа акаҭран ашьҭаҵара иаҟәыҵит, аха аҽазыҟаҵаратә усурақәа ирыцҵан", – иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Иара иҳәеит Аԥсныҟа Урыстәылантәи аҟазауаа шааз, азауад аҿы аԥхасҭа аҭыԥ ишықәырҵаз, анаҩс зҭыжьра иалагаз аалыҵ ахаҭабзиара ахәшьара шарҭаз. Уи адагьы адырра ҟаиҵеит "Амшынеиқәафымцамч" ишацәажәаз акаҭрантә зауад аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара иаҵадмыркырц.
"Мчыбжьык, жәамш рыҩнуҵҟа Гәлиа имҩаҿы акаҭран ақәҵара иалагоит. Ҳәарада, абитуми абитумтә аалыҵи рыхә аԥхьанатәтәи асметатә документациаҿ иарбаз иеиԥшым, аха аусурақәа аанаҳкылом. Анардадаратә еиҿкаарақәа иазымхо аԥара рызшәахоит", - ҳәа иҳәеит Аргыларатә усбарҭа аиҳабы.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҟәа Лакобеи Абазақәеи рымҩақәа реихысырҭаҿы акаҭран аиҭашьақәыргылара

Аҟәа Лакобеи Абазақәеи рымҩақәа реихысырҭаҿы акаҭран аиҭашьақәыргылара - Sputnik Аҧсны
1/7

2/7

3/7

4/7

5/7

6/7

7/7

Арҭ амҩақәа рҿы ақәаршҩыцарҭатә коллекторқәа ҟазҵо, акаҭран ықәызҵо аилахәыра "Аԥснырегионргылара" ауп. Аҿаҵаҩы - Акапиталтә ргылара аусбарҭа. Аусурақәа ирхылаԥшуеит Аҟәа ахадара.
"Акаҭран ҩ-еиқәҵаракны иқәҵоуп амшын аԥшаҳәа инаркны Лакоба имҩаҟынӡа. Иахьа Лакоба имҩаҟынтәи Абазақәа рымҩаҟынӡа иқәырҵоит аҩбатәи аҿысҭа. Анаҩс мчыбжьык аҟара аусурақәа аанкылахоит", - иҳәеит иара.
Агрба иажәақәа рыла, егьырҭ амҩақәа рҿы ажәытә каҭран шьаҭанкыла иқәгоуп. Ацәхыԥқәа шьҭаҵоуп.
Гәлиа имҩа аура – 1200 метра иҟоуп, иазԥхьагәаҭоуп 48 миллион мааҭ, Абазақәа рымҩа – 686 метра иҟоуп, иазԥхьагәаҭоуп 38 миллион мааҭ, Џьонуа имҩа– 1350 метра иҟоуп, иазԥхьагәаҭоуп – 66 миллион мааҭ.
Укладка дорожного полотна - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2022
Аԥсны
Аҟәа амҩақәа руак ҿыц акаҭран ықәҵатәхоит
Ажәабжьқәа зегьы
0