Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аҟәа Гәлиа имҩаду аҟны аусурақәа шцо гәеиҭеит

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия Президент Аслан Бжания проинспектировал ход ремонтных работ по улице Гулиа в Сухуме.
Президент Аслан Бжания  проинспектировал ход ремонтных работ по улице Гулиа в Сухуме. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа амҩадуқәа хԥа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит 2020 шықәсазы. Аусурақәа рхыркәшара азгәаҭан 2021 шықәса нҵәаанӡа, аха афымцамч иахҟьаны Очамчыратәи акаҭрантә зауад аалыҵ ахаҭабзиара ҽеимхеит, амҩадуқәа реиҭашьақәыргыларатә усқәагьы аамҭала иаанкылан.
АҞӘА, мшаԥы 16-Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа Гәлиа имҩаду аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭарц даҭаан ибеит мшаԥы 16 азы, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада исаит.
Гәлиа, Џьонуа, Абазақәа рымҩа - арҭ ах-мҩак реиҭашьақәыргылараз аусурақәа ирылагеит ҩышықәса раԥхьа. Аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахада Ҭемыр Агрбеи аҳәынҭқарра ахада изеиҭарҳәеит, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшарахь ишнеиуа. Аусурақәа цонаҵы уаанӡа иқәыз акаҭран ықәганы ҿыц аԥслымӡ ҭаԥсаны иҟарҵеит, уажәы акаҭран ҿыц ақәҵара иаҿуп.
Вид на Сухум с птичьего паллета   - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аҟәа амҩақәа рҭагылазаашьа иаарласӡаны ирҽеизарц адҵа ҟаиҵеит
Еиҭашьақәдаргыло амҩақәа 1250 метра иҟоуп, абиуџьет аҟынтә иазоужьуп 55 миллион мааҭ. Уи аҟынтәи 26 миллион мааҭ акаҭран ақәҵареи ацәхыԥқәа рышьҭаҵареи иазоужьуп, 29 миллион мааҭ 16 нызқь ԥшьаркца иҟоу ақәаршҩыцарҭатә коллекторқәа шьҭарҵароуп.
Ешба иажәақәа рыла, аусурақәа цонаҵы Гәлиа имҩаду аҟны иԥсахын аӡымҩангагатәи ацрыӡцарҭатә цәаҳәақәеи, ишьақәаргылан аҵеиџьқәа.
Арҭ амҩақәа рҿы ақәаршҩыцарҭатә коллекторқәа ҟазҵо, акаҭран ықәызҵо аилахәыра "Аԥснырегионргылара" ауп. Аҿаҵаҩы - Акапиталтә ргылара аусбарҭа. Аусурақәа ирхылаԥшуеит Аҟәа ахадара.
Ремонт дорожного полотна  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Аԥсны
Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахада Аҟәатәи амҩақәа рремонт зеиҵахаз атәы иҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0