Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аҟәа амҩақәа рҭагылазаашьа иаарласӡаны ирҽеизарц адҵа ҟаиҵеит

© Sputnik / Акоп Кущян Вид на Сухум с птичьего паллета
Вид на Сухум с птичьего паллета   - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа агәы иалсуа амҩадуқәа хԥа - Абазақәа рымҩа, Џьонуа, Гәлиа рымҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шықәсык инеиҳаны имҩаԥысуеит.
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла аиҳабыреи араионқәа рхадацәеи злархәны имҩаԥигаз инарҭбаау аилатәараҟны лахь риҭеит Аҟәа ақалақь амҩадуқәа хԥа рыҟны акаҭран ақәҵаразы аусурақәа рхаҭабзиара ҽеимкәа иахьымҩаԥгаз азы.
Атәыла ахада амҩақәа ишақәнагоу рҭыԥ иқәҵазарц азы аҭагылазаашьа дырҽеиразы анапынҵақәа риҭеит.
"Анардадкылаҩ акаҭран ақәҵаразы имҩаԥигаз иусурақәа рхаҭабзиара ахьыбааԥсу инамаданы аҭагылазаашьа имырҽеир, ақәнага дақәыршәатәуп. Инагӡам ма иҽеимкәа инагӡоу аусура мҩаԥызгаз ауаа ыҟоуп, урҭ азусҭцәоу ҳара иаадыруеит. Дҵа хаданы иҟоуп ҿҳәара кьаҿла аусура ишахәҭоу еиԥш арҽеира. Анардадкылаҩцәа ирыдышәҵа абас зхаҭабзиара бааԥсу аусура мзызс иамоу ахьаҳәо аилыркаага шәыхьӡала ирҩырц. Хылаԥшра ашәҭ", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҟәа агәы иалсуа амҩадуқәа хԥа - Абазақәа рымҩа, Џьонуа, Гәлиа рымҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шықәсык инеиҳаны имҩаԥысуеит.
Президент Аслан Бжания провел расширенное заседание - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Бжьаниа имҩаԥигеит 2021-тәи ашықәс алҵшәа хадақәа ирызкыз инарҭбаау аилатәара
Лакобеи Џьонуеи рымҩақәа реихысырҭаҿы ишьҭарҵаз акаҭран аҭаԥыҽҽра иалагеит. Аҟәа ақалақь ахадара акоммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба иазгәеиҭеит уи зыхҟьаз ари аамҭала иқәырҵаз акаҭран ахьакәу азоуп ҳәа. Ари аҭыԥ амашьынарныҟәцаҩцәа рзы ауадаҩрақәа цәырнагон, зехьынџьара иҭыжааны иҟан. Убри азы Аҟәа ахадара анардадаратә еилахәыра "Аԥснырегионргылара" ирыҳәеит ари аҭыԥ аҿы хыхь-хыхь аамҭалатәи акаҭран ықәырҵарц.
Амҩадуқәа рҿы акаҭран ишахәҭоу иқәҵаны ианалгалак, амҩеихҵәарҭақәа рҿгьы аамҭалатәи акаҭран ықәхны аҿыц ықәырҵоит.
Уи адагьы, уаанӡа Аԥсны Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа иаднамкылеит Аҟәа ақалақь Гәлиа имҩаҿы акаҭран ашьҭаҵаразы имҩаԥгаз аусурақәа. Аҟәа ақалақь ахадара акоммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба ишиҳәаз ала, Ашықәс ҿыц аламҭалаз Гәлиа имҩаҿы акаҭран ашьҭаҵаразы рҽазыҟаҵара иаҿын, аха анардадаҩцәа абитум аагаразы ауадаҩрақәа рызцәырҵит. Убри азы акаҭран шьҭарҵеит Сахарови Абазақәеи рымҩақәа ирыбжьанакыз амҩа ахҵәахаҿы мацара, аха хара имгакәа ара амҩа аҭаԥыҽҽра иалагеит.
Укладка дорожного полотна - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2022
Аԥсны
Аҟәа амҩақәа руак ҿыц акаҭран ықәҵатәхоит
Ажәабжьқәа зегьы
0