Аԥсны

Аԥсны алашара арцәара аамҭеихшара аԥыхуп

Аԥсны ахьшәашәара аамҭақәа рзын афымцалашара ахархәара еизҳауеит, усҟан афымцацәаҳәа иаиуа ақәыӷәӷәареи дара ахьажәуи иахҟьаны иаларгалоит аамҭа-аамҭала алашара арцәара.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" иаԥнахит алашара арцәараз иалагалаз аԥкрақәа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны афымцацәаҳәақәа ироуаз ақәыӷәӷәара ахьеиҵахаз инамаданы алашара арцәара аамҭеихшара иалагалаз аԥыхуп. Аԥкрақәа аԥыхуп Аԥсны араионқәа зегь рыҟны мшаԥы 22 инаркны.
Ус шакәугьы, "Амшынеиқәафымцамч" агәҽанызаара ҟарҵоит ҩаԥхьа афымцацәаҳәақәа акәыӷәӷәара роур аԥкрақәа шаларгало.
Аԥсны
Ҷанба афымцамч ахархәара ахәԥҵәа аиҭакра далацәажәеит