Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҷанба афымцамч ахархәара ахәԥҵәа аиҭакра далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Алхас Чанба
Алхас Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы алашара ахархәаразы 41,7% аԥара еизган.
АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" афымцамч аҭира аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷанба Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ иҳәеит аиурист хаҿқәеи акоммерциатә наплакқәеи афымцамч ахархәаразы иршәо ахәԥса еиҭакхоит ҳәа.
Ҷанба иажәақәа рыла, ахатәхаҿқәа рыхьчара алзыршо амеханизм аус адулара иаҿуп.

"Иҟоуп ажәалагала асоциалтә пакет аиҿкааразы. Арахь иаҵанакуеит ихьчам атәыла ауааԥсыра рхархәара асоциалтә норма, аквотақәа. Асоциалтә норма иаанагоит ахархәара амҽхак алимит аҭара", - ҳәа иҳәеит Ҷанба.

Алхас Ҷанба иазгәеиҭеит Аԥсны ишыҟоу азинҷыда змоу 23 категориа, урҭ рзеиԥш хыԥхьаӡара 7150-ҩык ыҟоуп. Дара азин рымоуп ахәԥсаԥараҟынтә 50% ашәара.
Росстандарт ввел новые правила проверки счетчиков - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2021
Аԥсны
Озган есуахыки-ҽнаки афымцамчхархәара аизҳара зыхҟьо атәы далацәажәеит
Афымцамчхараз иахьазы иҟоу ахәԥҵәақәа дрылацәажәо Ҷанба иазгәеиҭеит, шә-процентк ауааԥсыра аԥара еизыргозаргьы АУН аныхрақәа шазхымҩо.
Ҷанба еиҭеиҳәеит ашәҟәҭагаларатә система ишалнаршо ауадаҩрақәа рӷьырак аӡбра аԥареизгара аганахь ала.
Иахьазы ахатәхаҿқәа рзы киловаттк 0,4 мааҭ иаԥсоуп, аиурист хаҿқәа рзы - 0,85 мааҭ.
2021 шықәсазы афымцамч ахархәараз аԥареизгара 41,7% артәеит.
Монеты номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Аԥсны
2021 шықәсазы алашара ахархәаразы 41,7% аԥара еизган
Ареспубликаҿ иалагалоу аамҭа-аамҭалатәи афымца арцәара далацәажәо Ҷанба иҳәеит ари ада ԥсыхәа шыҟамыз. Убри аан иазгәеиҭеит, афымцалашараз аԥарашәареи инарышьҭуа амчхареи шеидҳәалоу. Атәылауаа аԥарашәара иаҟәыҵыр ареспублика иамоу алашарагьы ацәыӡыр шалшо.
Уаанӡа атарифтә политика аԥсахра атәы далацәажәахьан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аекономика аминистр Кристина Озган. Лара лажәақәа рыла, афымцамчеиқәыршәара арманшәалараз иарбоу ауснагӡатәқәа ахәԥса аиҭакра адагьы аԥареизгара аизырҳара амеханизмгьы аҵанакуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0