АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Италиа афашизм аҟынтәи Ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Италиа.
Ахақәиҭтәра амш - милаҭтә ныҳәоуп, уи Италиа иазгәарҭоит мшаԥы 25 рзы анацисттә мпыҵахалара ахыхреи афашисттә режим аилаԥыххаареи рымш аҳаҭыр азы.
"Ари амш Италиа аҭоурых азы аҵак ду амоуп, уи ажәлар иаадырԥшуаз Аҿагылара иасимволуп", - иҳәеит Арӡынба.
Аминистр иазгәеиҭеит ҳџьынџьуаҩ, аԥсуа еибашьҩы Сулҭан Папба Италиа афашизм ахақәиҭтәразы италиаа дрывагыланы дшеибашьуаз.
"Хымԥада, ҳара иаҳхамышҭроуп ҳажәларқәа шеидгылаз афашизм иаҿагыланы. Аԥсни Римтәи аимпериеи Византәиатәи аимпериеи ҭоурыхла аекономикатәи акультуратәи еимадарақәа рыбжьан. Жәахатәи ашәышықәса инаркны Генуеи иареи активла реимадарақәа еихарҳауа иалагеит. Иахьатәи аамҭазы аҩганктәи ҳаизыҟазаашьақәа еиҭа иҳабжьаҳҵароуп. Уи ҳара ҳзы аҵак ду амоуп", - иҳәеит аполитик.
Аԥсны ААР аиҳабы иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәеиҭеит италиатәи иреиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара шиҵоз, уи акультура, аҭоурых, аекономика шҭиҵаауаз.
Инал Арӡынба иара убас италиатәи аҿартә еиҿкаарақәа рхадацәа Аԥсныҟа ааԥхьара риҭеит.
"Ҳара ҳҿы активра аазырԥшуа, агәацԥыҳәара ду змоу аҿар ыҟоуп, урҭ ҳтәылазы, ҳажәлар рзы аҵак ду змоу апроектқәа нарыгӡоит. Ҳтәылақәа рҿар рыбжьара аусеицура аԥеиԥш бзиа амазаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.